Амилаҭтә банк аҟәрышь ҿыц ҭнажьит

© SputnikАмилаҭтә банк аҟәрышь ҿыц ҭнажьит
Амилаҭтә банк аҟәрышь ҿыц ҭнажьит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк аиҳабы Беслан Барателиа адырра ҟаиҵеит агәалашәаратә ҟәрышь "ConIFA - 2016" атираж зықь цыра ыҟоуп ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы ачемпионат ConIFA атәылаҟны аинтерес ду ахьаиузи Аԥсны ачемпионат аҟны аԥыжәара ахьагази инарыдҳәаланы Амилаҭтә банк иаднакылеит аӡбра абри ахҭыс иазкны аҟәрышь ҭнажьырц, ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк аиҳабы Беслан Барателиа.

"Агәалашәаратә ҟәрышь араӡны (925 апроба) иалхуп, 10 ԥсарк иҟоуп. Аҭира хацҳаркаанӡа жәамш шыбжьоу уи атәы рылаҳҳәоит", — иҳәеит Бараҭелиа.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы иазгәеиҭеит аҟәрышь аҟны ишарбоу ачемпионат алаготип.

Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит иааиуа амза алагамҭазы изҭаху ишроуа алшара аҟәрышь аахәаразы. Ҟәрышьк ахәԥса хԥа-ԥшьба нызқь мааҭ иаԥсахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0