Амилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра

© Sputnik Саида ЖьиԥҳаАмилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра
Амилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа милаҭ маҭәа иазкыз афестиваль мҩаԥысит ақалақь Гагра.

ГАГРА, Нанҳәамза 20 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсуа милаҭ маҭәа иазкыз афестиваль раԥхьаӡакәны иахьа имҩаԥысит Гагра. Амилаҭ маҭәа аӡыргареи ажәлар арыларҵәареи хықәкыс измаз апроект авторс дамоуп, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Гагратәи ателехәаԥшра аиҳабы Русҭан Канџьариа.

"Ҩышықәса раахыс сгәы иҵхоз апроект насыгӡеит. Уи алыршахеит араион анапхгара исырҭаз ацхыраара иабзоураны. Знык мацара имҩаԥганы ҳаанымгылароуп, ҳмилаҭ ныҳәақәа ирхыԥхьаӡалатәуп", — ҳәа азгәеиҭоит апроект автор.

Ҳмилаҭ маҭәеи ҳкультуреи рӡыргаразы, афестиваль рхы аладырхәит, Аԥсны еицырдыруа ашәаҳәаратәи акәашаратәи коллективқәа, иааизакны 200 инарзынаԥшуа артистцәа.

Аныҳәа аофициалтә ҟәша алагаанӡа, дара рҽеиҩшаны ирҭааит, ақалақь еиҳа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа. Араҟа, артистцәа имҩаԥыргеит ақәгылара маҷқәа.

"Иахьатәи аныҳәа, аԥсуаа зегьы иаҳзеиԥшуп. Уи аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит, абас еиԥш аҩаӡара ҳаракыла иахьазнеиз. Амилаҭ маҭәа аныҳәақәа раан акәымкәа еснагьтәи ҳабзазараҿгьы иныҟәаагаратәы алшара ҳауааит» — иҳәеит, аныҳәа иалахәу, аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра
Амилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра

Х-сааҭк инарзынаԥшуа, артистцәа рҟазареи рымаҭәа еинаалеи ирыцклаԥшуан ақалақь иалсуаз зегьы.

"Ҳара Аԥсныҟа ҳаауеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Аха абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә раԥхьаӡакәны ҳақәшәеит. Даара аинтерес амоуп шәмилаҭ маҭәа. Акостиумқәа реиҿартәышьеи аԥшшәқәа ралхшьеи еинаалоит, ибеиоу ахаҿра рхыуп.", — ҳәа азгәарҭоит атуристцәа гәыԥҩык.

Анаҩс, аҟазаратә коллективқәеи аныҳәа иаҭааз атәыла анапхгареи араион ахадареи рхаҭарнакцәа еиқәшәеит Гагратәи амемориалтә комплекс аҟны. Араҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵаны, еизаз зегьы шьапыла ацәаҳәа ианысны инаӡеит, аныҳәа аофициалтә хәҭа ахьымҩаԥысуаз, асасааирҭа "Абхазиа" ашҭанӡа. Араҟа, амш иалагӡаны аус руан акрыҭиирҭатә ҭыԥ маҷқәеи аԥсуа маҭәа ацәыргақәҵеи. Агәаҳәара змоу иаархәарц рылшон анышәаԥшь иалхыу ачысмаҭәеи амилаҭтә атрибутика иадҳәалоу амаҭәарқәеи.

Афестиваль аофициалтә хәҭа аартын, амилаҭтә маҭәа иазкыз адокументалтә фильм адырбарала.

Ахәаԥшцәа зегьы агәахәара ду рнаҭеит, идырбаз ахҭарԥа аҿаҳәашьа аелементқәа.

Анаҩс, аныҳәатә концерт амҩаԥгаҩцәа, Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагбеи Гагратәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Радица Ҵәыџьбеи асасцәа иахьатәи амш рыдныҳәало, агәырӷьаратә концерт ахь иаарыԥхьеит.

Амилаҭ маҭәеи аҟазареи ӡырызгоз артистцәа рықәгылара ахә ҳаракны ишьан.

Амилаҭ маҭәа иазкыз афестиваль даҭааны дыҟан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Ажәабжьқәа зегьы
0