Аԥсны ашьхақәа рҟны атуристцәа ыӡит

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС РА. Архивтә фото.
МЧС РА. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хаха-хымш ҵуеит Москва инхо ԥшьҩык атуристцәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеижьҭеи. Абри атәы аҳәоит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аофициалтә саит аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Москватәи атуристцәа шьапыла Аҷандара ақыҭантәи Ԥсҳәыҟа амҩа иқәыз рхабар ыҟам. Абри азы адырра ҟаҵан АҶА Гәдоуҭа араионтә диспетчертә маҵзурахьы.

"Хаха-хымш ҵуеит аԥшаарақәа ҳарҿуижьҭеи аха макьаназ аӡәгьы ишьҭа ҳазхымлацт", — иҳәеит АҶА Гәдоуҭа араион адиспетчер.

Аминистрра аофициалтә саит аҟны иарбоуп ауаа ыӡит ҳәа хымш раԥхьа адырра шыҟаҵаз. Аԥшааразы авиациа ахархәара аҭан.

Иҟоу адыррақәа рыла атуристцәа амҩа иқәлеит нанҳәа 8 рзы. Уинахыс рхабар аӡәгьы издырам.

Ажәабжьқәа зегьы
0