Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынба: аԥсуа хәмаррақәа рԥырӷы жжаӡа иҟалар ауп иаҳтахыу, ҳзышьҭоу иароуп

© Фото : Адгур Гунба Адырраҭара "Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгур Гунба
Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адырраҭара "Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгур Гунба Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵааразы аԥсуа қыҭақәа рыҟны аекспедициақәа шымҩаԥысыз.

Ажурналист Адгәыр Гәынба аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵаара далазгалаз аҽыбӷаҟазаратә аспорт еицлабрақәа роуп.

"2012 шықәсазы адырраҭара "Аспорт адунеи" анеиҭашьақәҳаргыла, мызқәак рнаҩс ҳҽазаҳшәеит "Аҽыбӷаҟаза" захьӡыз арубрика аиҿкаара. Аԥсны ирацәоуп аҽыбӷаҟазаратә традициақәа, ари аспорт хкы азҟазацәа. Изныкымкәа, анҵамҭақәа рзаҳкхьан Асовет Еидгыла аспорт азҟазацәа, уи азын аԥсуа қыҭақәа ҳарҭаауан Лыхны, Дәрыԥшь, Тамшь, Кәтол. Арҭ ақыҭақәа аҽыбӷаҟазаратә традициақәа змоу қыҭақәоуп. Анаҩс, сазхәыцит аҽыбӷаҟазара мацара аума иҳамаз ҳәа, ахәмаррақәагьы рацәоуп. Садҵаалеит аԥсуа ҭҵааратә институт, сымҩақәызҵаз аҵарауаа ҟалеит", — ҳәа иҳәеит Гәынба.

"Хра злоу ахҭысқәа" ажурналист Адгур Гунба еиҭеиҳәоит аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рҷыдарақәа ртәы

Аԥсны анаукақәа р-Академиа аҟны иаԥҵоуп "аԥсуааи-абазақәеи рбызшәақәа реиқәырхара, рырҿиара, архивтә материалқәа рыҟны аус аура, иара убас адәынтәи аныҟәарақәа, аҭҵааратә усурақәа рымҩаԥгара" ҳәа апрограмма, уи ацхыраара аиҭоит Муса Екзеков.

"Абри апрограмма анышьҭырхоз, ҳара ҳапроект рыдыркылеит, дара рымчала ацхыраара амоуп ҳара ҳапроект. Аԥхын аамҭа иалагӡаны имҩаԥган ԥшь-експедициак. Еидаҳкылаз аматериалқәа рыла аҭыхрақәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп иааиуа амзқәа рзы, ҭагалан иалагӡаны. Сгәы иҭоуп ԥшь-фильмк аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа ирызкны аҭыхра. Имҩаԥгаз аекспедициақәа зегьы маншәаланы имҩаԥысит ҳәа сҳәар ишама, хәыҷык ихьысҳақәазгьы иҟан. Аҭҵаара аус уадаҩуп, избан акәзар ауаҩы уиҿцәажәоит, ииҳәо зегьы рҟынтә ухы иауырхәаша ҟалоит, иуҭахымхогьы рацәоуп, зегь еилыхны ателехәаԥшратә стиль аҭаны ахәаԥшҩы иҟынӡа инаугартә еиԥш иҟаҵатәуп. Атексти, асценарии рыҩра иахьа саҿуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иаадкыланы, аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа ааба аԥсуа қыҭақәа рыҟны иҭиҵаахьеит Адгәыр Гәынба.


Ажәабжьқәа зегьы
0