Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" аҳәаақәа ирҭагӡаны Анри Гәымба ашәақәа рацәаны аранжировка азиухьеит, афильм ахԥатәи ахәаҭаҟны аа-шәак анылоит.
"Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ианыҟаҳҵо есышықәса аамҭа маҷны иҳамоуп. Избанзар, Аиааира амш аҽны иӡыраҳгартә еиԥш, ааԥын аусура ҳалагоит, уи аамҭа зынӡа имаҷуп. Уажәы, ҳазҿу ахԥатәи адиск, афильм анҭҳажьлак анаҩс, уи апроект шьҭа ихырқәшахоит, аиҿкааҩцәагьы ус рҳәоит. Ибзиаӡаны х-ҳәҭакны иҭҳажьыр еиҳа еиӷьуп, ахаҭабзиара лаҟәны ирацәаны иҟахҵар аасҭа. Афильм аҭыхрақәа ахԥатәи ахәҭа анҵәамҭахь инеиуеит, ҳаргьы ашәақәа ҭаҳаҩхьеит, акы ацуп инхаз. Сгәы иаанагоит, ирацәаҩны иҿыцу аинтерес зҵоу ашәақәа раҳап ҳәа. Шьоукы ҵаауеит ирацәоума иҵегь иҟоу ашәақәа ҳәа, ааи ирацәоуп аха ҳара иалаҳҳуеит иреиӷьӡоу", — ҳәа иҳәеит Анри Гәымба.
Анри Гәымба иажәақәа рыла, апроект авторцәа Емма Ҳоџьааԥҳаи Темыр Кәчбериеи архив рырҭоит, анаҩс еидтәаланы архив аҟынтә ашәақәа, ргәаанагарала иреиӷьу ашәақәа алырхуеит.
"Ахԥатәи ахәҭа аҟынтә адиск ианылоит аа-шәак, аԥхьа иаҳҭахын 12 ашәа, аха ари арыцхә аҟны ҳаангылеит. Амузыкант аранжировка аныҟаиҵо раԥхьаӡатәи асааҭқәа рзы, ашәа иаҳауеит раԥхьаӡа акәушәа, нас ҩымш-хымш анҵлак аус здууло материалхоит. Аха, убарҭ раԥхьатәи асааҭқәа рзы ҳгәы ҳыҭхыҭуеит, архив ҳанахәаԥшуа ҳаблаҿы иҟоуп иаҳхаагаз зегьы. Аранжировка аныҟаҳҵо архив ҳахьахәаԥшуа иҳацхраауеит, иахьатәи аамҭа иашьашәало ала аранжировка азаҳуеит, аха зынӡа ҳаланагалаӡом избанзар ашәа аҵакы аадыруеит", — ҳәа ациҵеит иара.
Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" афильм ахԥатәи ахәҭа рҭыхрақәа ахырқәшарахь инеиуеит, аӡыргара мҩаԥысран иҟоуп Аҟәа ахақәиҭтәра амш азы цәыбрра 27 аҽны.