Ҟарачы-Черқьесск Аԥсны зхы ақәызҵаз рбаҟа аартхоит

© Фото : riakchr Ҟарачы-Черқьесск
Ҟарачы-Черқьесск - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҟа аартхоит нанҳәа 31 асааҭ 12:00 рзы Аԥснытәи аделегациа алархәны.

АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Черқьесск ақалақь аҟны Аиааира апарк аҿы иаартхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа. Абри атәы аанацҳауеит RIA kchr. Ru.

"Ҳаиашьаратә республика ахақәиҭреи ашәҭыкакаҷреи рзы рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит имаҷҩымкәа ҳаҷкәынцәа. Ҳара иаҳуалуп урҭ ргәалашәареи рфырхаҵареи еиҵагылоу аҿар рызнагара. Убри хықәкны иҟаҵаны ауп иахьа урҭ ргәалашәара анаӡаӡатәразы иҟаҳҵо ззыҟаҳҵо", иҳәеит Ҟарачы Черқьесскнтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Заур Дзугов.

Абаҟа аартхоит Черқьесск ақалақь аҟны Аиааира апарк Афырхацәа раллеиаҿы. Абаҟа аҳаракыра х-метрак иҟоуп амармалташь шкәакәеи амармалташь еиқәаҵәеи рыла еиҿкаауп.

Аԥсны аибашьра ианалагаз цхыраара ҳәа ашьхара ихыҵны иааит 119-ҩык. Урҭ рҟынтәи 13-ҩык наӡаӡа ҳәа рыҩнқәа ирдәылҵит.

"Аибашьра иаанарԥшит ҳажәлар иреиӷьыз рҟазшьа ҷыдақәа. Иарӷәӷәеит ҳаиашьара, ҳакзаара. Ҳаидгылара иалнаршеит аӷа ииааира. Ҳара уи ҳхамшҭыроуп ҳаԥхьаҟа зны ҳахшара абџьар кны рыԥсадгьыл ахьчара рықәымшәарц азы", — иҳәеит Дзугоев.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Урыстәылаа. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык ирыхҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду, 247-ҩык иранашьоуп Леон иорден, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0