Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат аԥырхагахара ргәы иҭоуп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мраҭашәара иахықәкы хадоу Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аԥырхагахароуп, апаралимпиеццәа аолимпиадахь рынамышьҭрагьы уи ауп изыдҳәалоу, ҳәа уаанӡа ҳкорреспондент иеиҳәеит Аԥсны амилаҭтә олимпиатә еилакы аиҳабы Валери Аршба.

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Урыстәыла ақәыӷәӷәара азыруеит 2018 шықәса рзы абра имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы адунеитә чемпионат инадҳәаланы. Абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аспорт аминистр Витали Мутко. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны раԥхьатәи адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа 2018 шықәса рзы. Ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп 11 қалақь: Москва, Калининград, Санкт-Петербург, Волгоград, Казань, Нижни Новгород, Самара, Саранск, Ростов-на-Дону, Шәача, Екатеринбург рҟны.

"Урыстәылатәи апараолимпиеццәа ахәмаррақәа рҟны аԥыжәара ргар алшон. Аметодқәа дыруп. Ақәыӷәӷәарақәа шыҟарҵац иҟарҵоит", — иҳәеит Мутко.

Адопинг иаҿагыло адунеитә маҵзура ихьыԥшым акомиссиа (WADA), ԥхынгәы 18 рзы алаҳәара ҟанаҵеит адопинг Урыстәыла ҳәынҭқарратә ҩаӡарала ахархәара амоуп ҳәа.

Абри ашьҭахь WADA Жәларбжьаратәи апароолимпиатә еилакы (IPС) иабжьнагеит урыстәылатәи апароолимпиатә спортсменцәа Аолимпиадахь инармышьҭырц. IPС нанҳәа 7 рзы уи иақәшаҳаҭхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0