Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоуижьҭеи 2017 шықәсазы иҵуеит ҩажәи хәба шықәса.
"Арепатриациа аиубилеи азгәаҭараз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп. Зегь реиҳа ихаданы иқәгылоу усуроуп ҳџьынџьуаа ашкол ашьҭыхьтәи аамҭазы иҿыцу аметодқәа рыла аԥсуа бызшәа дырҵаразы аусура амҩаԥгара. Иорданиа инхо ҳџьынџьуааи ҳареи еиҳа ҳаимадара рырҭбааразы анаиааирақәа", — ҳәа лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Гугуца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, ҳџьынџьуаа Аԥсны ахы-аҵыхәа инхо зегьы ашәҟәы рҭаҩҩра хацыркхоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны.
"Асиақәа рышьақәгылара напы аҳаркраны ҳаҟоуп ааигәа, ҳџьынџьуаа ираҳҭоит анкета ҳасабала азҵаарақәа, рҭакқәа анеидаҳкылалак ашьҭахь еидкылоу абаза аԥаҳҵоит. Ус иааидкыланы, Аԥсны иахьа инхоит зықь-ҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа, урҭ Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи иааз роуп. Иҟоуп Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны шьҭахьҟа игьежьны ицазгьы", — хәа азгәалҭеит лара.
Ҩажәи хәба шықәса ирылагӡаны Арепатриацазы аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагаз аусурақәа ирылҵшәоуп, иахьа Аԥсны инхо зықь-ҩык ҳџьынџьуаа.