Ҳаџьымба иусутә визит хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Рауль Хаджимба на заседании комиссии по абхазскому языку.
Президент Рауль Хаджимба на заседании комиссии по абхазскому языку. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 2 рзы ихыркәшахеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Нхыҵ Кавказтәи иусутә визит.

АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Цәыббра 2 рзы ихыркәшахеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Нхыҵ Кавказтәи иусутә визит. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Нанҳәа 31 рзы излагаз аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аартра ацеремониа даҭааит. Иара убасгьы авизит аан аиԥылара рыман ареспублика ахада Рашид Темрезови иареи. Иара убасгьы аԥснытәи аделегациа алахәылацәа рԥылеит хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз, абаза уаажәларратә еидгыла "Аԥсадгьыл" Ассоциациа алахәылацәа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз рбаҟа ааартра шхымԥадатәиз. Ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ҟарачы-Черқьесск анапхгара урҭ рганахьала иҟарҵо агәцаракразы.

"Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҳара ҳаԥсҭазаарақәа ашеит: аибашьра ҟалаанӡеи аибашьра ашьҭахьи ҳәа. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы иҳавагыларц уахь инеиит Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәа. Урҭ аӡәы имазҵааит, аӡәы изхьамԥшит, ируалны иршьоз ҟарҵеит", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҟны дыҟаз Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика иаҭааит аԥшьаша, цәыббра 1 азы. Урҭ рхы аладырхәит уа имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Аԥсуа делегациа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Нальчик ақалақь аҟны игылоу Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы рықәызҵаз рбаҟа амҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0