Путин агәра игоит Ердоган Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа ҭышәыниртәалоит ҳәа

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Путини Таиип Ердогани.
Владимир Путини Таиип Ердогани. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Агәра згоит атәылаҟны аҭагылазаашьа нагӡаны аҭышәныртәалара шәылшап, ԥхьаҟагьы ҳаинырлап", ҳәа иҳәеит Владимир Путин Ердоган даниҿцәажәоз.

АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. "Агәра згоит атәылаҟны аҭагылазаашьа нагӡаны аҭышәныртәалара шәылшап, ԥхьаҟагьы ҳаинырлап", ҳәа иҳәеит Владимир Путин Реджеп Ердоган даниҿцәажәоз. Иара иазгәеиҭеит Анкара ишрылшо атеррористтә цәгьоурақәа риааира.

"Ҭырқәтәыла уажәы имариам аамҭақәа ишырҭагылоу аабоит", — иҳәеит Владимир Путин.

Атәылақәа рыҩба рнапхгаҩцәа Ханчжоутәи реицәажәаараан ишьҭырхраны иҟоуп аенергетика аусхк аҟны аинырра арҿиара азҵаара.

Ԥхынгәы 16 рзы ҭырқәтәылатәи ар рнапхгара ахәҭак аҳәынҭқарратә система аиҭакра рҽазыршәеит. Аиҿагылараан иҭахеит 250-ҩык атәылауаа.

Атәыла анапхгара ирылшеит ақәгылара ахәаҽра. Анкара ирыԥхьаӡоит ақәгылара Фетхуллах Гиулен иоуп еиҿызкааз ҳәа. Гиулен Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны дынхоит. Иара иҟалаз ахҭысқәа срылахәым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0