00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ААП Ахаҭарнакра Луганск жәлар рреспубликаҿы иаартхоит

Анапаҵаҩра
Сергеи Ладариа зхадараҿы дҟало Ахаҭарнакра иахықәкы хаданы иҟоуп Аԥсни Лугански рыбжьара аекономикатәи акультуратәи еимадарақәа рышьақәыргылара, иҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аиҳабы Геннади Гагәылиа.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Лугансктәи жәлар рреспубликаҟны ААП иофициалым Ахаҭарнакра аус ауеижьҭеи мызкы ирықәуп, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аиҳабы Геннади Гагәылиа.

"Ҳара ҳхаҭарнакра ауаажәларратә шьаҭа амоуп, иофициалтәым, аха уи аусура иаԥырхагахо ҳәа иҟам. Уаҟа аинтерес рымоуп ҳара ирзынаҳашьҭыр алшо аалыҵ, иаҳҳәап арыжәтә аалыҵ, ашәыр",- иҳәеит Гагәылиа.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аиҳабы Геннади Гагәылиа иҳәеит Сергеи Ладариа икандидатура машәырны ишалхымыз. Уи акрааҵуеит уа дынхоижьҭеи. Ибзиан идыруеит атәылагь, ауаагьы. Макьаназы Ахаҭарнакра ахатә харџьқәа рылоуп аус шауа.

"Сергеи Ладариа Аԥсны апатриотк иҳасабала дазыхиоуп макьаназ хәыда-ԥсада аусура. Сгәы иаанагоит иаарласны Ахаҭарнакра аофициалтә ҭаҩра аиуп ҳәа. Усҟан аулафахәгьы ҳшәалоит", — иҳәеит Гагәылиа.

Асеиԥш иофициалтәымкәа Ахаҭарнакрақәа аус руеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны. Дара зегьы Аԥсны иахәо аус амҩаԥгара иаҿуп.ахаҭарнакра ҿыц аусура еиҳа азхьаԥшра анаҭоит атуризм. Гагәылиа иажәақәа рыла иаарласны аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҭыԥантәи атуроператорцәеи Ахаҭарнакреи рыбжьара.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иазгәоуҭартә иҟоуп Аԥсныҟа Донецки Лугански рҟынтәи атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳара.

Ажәабжьқәа зегьы
0