Жәа-шықәса инареиҳаны иҵуеит амилаҭтә галлереиа ахыбра аргылара азҧхьагәаҭоуижьҭеи, аамҭаказы аргыларатә усурақәагьы хацыркын, аха еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, аусурақәа аанкылан. Иахьа уажәраанӡагьы амилаҭтә галереиа ахыбра аргыларазы аусурақәа ирыцҵам.
"2004 шықәса раахыижьҭеи агалереиа иазоужьраны иҟаз аԥарақәа иазмоужьқәа инкылоуп. Асовет Еидгыла аныҟаз иҟан аргыларақәа ианрылагоз шықәсы рацәала иаламго иаауан. Уажәы сшахәаԥшуа ала абри агалереиа ахыбрагьы асовет ҳәынҭқарра иамаргылаӡакәа иаҳзыннажьызшәа ауп ишыҟоу. Уи нықәырԥшны иуҳәозар, аха иаартны уалацәажәозар ари азҵаара изыхҟьо ҳекономика аҭагылазаашьа ауп. Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа рҽырыԥсаххеит аӡәыкымкәа, дара ирҭахымкәа иҟам рыхьыӡ зҳәо хыбра бзиак инеиҵыхны аргылара, аха иахьа уажәраанӡа аҟазацәа русумҭақәа еидызкыло, иахьцәырырго хыбрак ҳамам. Сергеи Багаԥшь Аԥсны данахагыла Кәыдрытәи аҩхааҟны иҟаз ахҭысқәа, уи ашьҭыхьтәи аамҭазы иманшәаланы изыҟамлеит. Ишаадыруа ала, 2008 шықәса инаркны ауп Урыстәыла аҳәынҭқарра афинанстә цхыраара аҟаҵара ианалага, аха уи амҩақәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи рахь ицеит. Ус иаанхеит аҳәынҭқарра иатәу аҟазаратә хыбра хәыҷык игәыгәҭажьны. Уи еилкаауп, ахәыҷқәа рааӡарҭа ыҟамкәа аҟазаратә галереиа аҟаҵара шиашам. Урыстәыла ахада Владимир Путин ицхырааҩ Аԥсны дааны даныҟаз, еизарак аҿы сықәгыланы исҳәеит "амилаҭҭә галереиа еиҿкааны иҳамазар, аурысқәа аԥсшьара иаауа идҳарбон ҳҟазацәа русумҭақәа, иара убас аурысцәа рцәыргақәҵақәа ҟаҳҵалон. Ажәакала ҳҟазара еибаҳарбалон", ҳәа. Абас анысҳәа ашьҭахь, аинтерес изцәырҵит", —ҳәа иҳәеит Сақаниа.
Сурам Сақаниа иахьынӡаидыруа, Урыстәыла ахада Владимир Путин ицхырааҩ, иара иҟынӡа инеигеит иажәақәа.
"Сара иахьынӡыздыруа Владимир Путин иҟынӡа инеигеит исҳәаз, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба алхрақәа рышьҭахь Москва усуратә визитла даныҟаз, Путини иареи анеиԥыла ашьҭахь, владимир Путин ицхырааҩ Ушаков аҭел дысзасит, аргыларақәа хырқәшахоит ҳәа сеиҳәеит. Ари аус ыҟан 2014 шықәсазы, иахьагьы ҳгәыӷуеит аиҭашьақәыргыларақәа рнапы адаркып ҳәа. Аха 2015-2016 шықәсқәа рзы аинвестициатә программа иазыԥҵәаз аԥара мааит ҳәа агәаҩра сымоуп, иаазгьы аргыларақәа иаанкылаз ирыцҵоуп, уаанӡа ирыдкылаз апроектқәа хацыркуп. Аус злоу, ихадаратәу акы акәны иҟоуп иааиуа ашықәс азы аинвестициатә программа алаҵара агалереиа аргылара", — ҳәа ациҵеит иара.
Иааидкыланы, амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа афонд иахыԥхьаӡалоуп ԥшь-нызкь инарзынаԥшуа аусумҭақәа.