1966 шықәсазтәи Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аушьҭымҭацәа ҩаԥхьа еиԥылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
50 шықәса рышьҭахь 1966 шықәсазы, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа, ҩаԥхьа рышкол иаҭааит.

ГАГРА, цәыббрамза 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. "Ҳҿареи, иҳаҩсыз аамҭеи ҳареи ҳаиниара", — абри адевиз ала имҩаԥысит 1966 шықәсазы, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аушьҭымҭацәа риубилеитә еиԥылара. Аиԥылара аидеиатә еиҿкааҩыс дамоуп, 50 шықәса раԥхьа ари ашкол иалгаз Илиа Канџьариа.

Ашкол афотосахьатә альбом адаҟьақәа 50 шықәса шьҭахьҟа иаатит. Ашәышықәсабжа раԥхьа, Бзыԥҭатәи аԥсуа школ ашҭа иҭыҵыз аушьҭымҭацәа, ҩаԥхьа ихынҳәит арҭ аҭыӡқәа рахь. 50 шықәса иалагӡаны, дара ианысит аԥсҭазааратә мҩақәа жәпакы. Иахьа иныҟәыргоит анреи абреи андуреи абдуреи.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.

Аха уеизгьы, рыхцәышлеи рхарҿы ианубаало ақәреи ирызҿымцәааит, рыбла иху рҿара аццышәқәа. Аушьҭымҭацәа ашкол ашҭа иҭалаанӡа, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи раани иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәа рымҵан.

Араҟа акраамҭа иаанҿасны иргәаладыршәеит ирыцәҭахаз рыуацәеи рҩызцәеи. Анаҩс, еизаз аушьҭымҭацәа ашкол ахь инеит. Дара гәаартыла ирыдыркылеит ашкол адиректори арҵаҩратә еилазаареи аҵаҩцәеи.

1966 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа ааԥхьан акласс уадахь. Уаҟа дара апартақәа инарыдтәалеит. Рхы ҩышьҭхны акласс ӷәахьы ианааԥш, рылабжыш аахыҳәҳәалеит. Уаҟа икнаҳан ианқәыԥшызтәи рфотосахьақәа.

Иазгәаҭатәуп, аушьҭымҭацәа реиԥылара дшалахәыз афизика амҭәар рзымҩаԥызгоз арҵаҩы, иахьа ақәра ду иҭагылоу Асиа Муселимиан.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.

50 шықәса раԥхьа еиԥш Асиа Муселимиан арҵаҩы истол днадтәалеит, днаԥхьеит аҵаҩцәа рсиагьы. Еизаз аушьҭымҭацәа, арҵаҩы рыхьӡ анылҳәоз, иҩагыланы "ара ҳаҟоуп" рҳәон.

Рылаӷырӡ рзынкыломызт асиаҿы иарбаз, зыԥсҭазаара иалҵхьоу рыхьӡ анраҳауаз. Иҟан, згәабзиара иахҟьаны аиԥыларахь изымаазгьы. Ашәышықәсабжа шҵхьоугьы, арҵаҩы иахьеиԥш илгәалашәон доусы афизика амаҭәар шиҵоз. Иара убас рхы шымҩаԥыргоз.

Аиԥылараҟны еилкаахеит, усҟантәи аамҭазы имаӡаз. Асиа Муселимиан лҵаҩцәа иларҳәеит, ари акласс аҟны лара лахь абзиабара змаз аҵаҩы ихьӡгьы.

Сасык иаҳасабала, аиԥылара далахәын, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар.

"Бзиала шәаабеит ҳаушьҭымҭацәа. Сара сзы игәахәара дууп, абас еиԥш иҟоу аиԥылара алахәра. Сылахь еиқәнаҵеит, шәыкласс аҟынтә зыԥсҭазаара иалҵхьоу шыҟоу ансаҳа. Аха, аԥсҭазаара аӡәгьы наӡаӡа дааннажьуам. Шәара, еиҵагыло аҿар идшәырбоит аҿырԥштәы бзиа, шаҟа иӷәӷәоу ашколтә еиҩызара. Ииашоуп аамҭа рацәаны ицеит, шәызегьы шәырнысит еиуеиԥшым амҩақәа. Аха уеизгьы ашколтә шықәсқәа шәгәалашәараҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит", — иҳәеит Беслан Дбар.

Аушьҭымҭацәа раԥхьатәи реиқәшәара мҩаԥысхьан, ашкол иалгеижьҭеи 20 шықәса анҵы.

"1966 шықәса раԥхьа ашкол иалгаз ҳаиқәшәара мҩаԥысит 20 шықәса рышьҭахь. Усҟан еибаҳҳәеит, есышықәса ҳшеибабало. Аха еиуеиԥшым аԥсҭазааратә мзызқәа ирхырҟьаны уи залыршахомызт. Абар, иахьа 50 шықәса анҵы, иаҳулак ҳаиқәшәеит", — ҳәа азгәеиҭеит аушьҭымҭа Илиа Канџьариа.

Иазгәаҭатәуп Илиа Канџьариа иԥсҭазаара зегьы арҵаҩра ишазикыз. 1966 шықәсазтәи, Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аушьҭымҭацәа рахьтә аӡәырҩы иалырхит арҵаҩы, агроном, аҟазаратә уҳәа занааҭқәа. 50 шықәса раԥхьа ашкол иалгаз дреиуоуп апоетесса Белла Барцыцԥҳагьы.

Лара лҩызцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәалҭеит, иахьатәи реиԥылара аҵак ду шамоу. Анаҩс дырзаԥхьеит лҩызцәеи арҵаҩи ирзылкыз ажәеинраала. Аушьҭымҭацәа реиԥылара апрограмма мҩаԥылгон, Гагра араион арҵаҩцәа рзанааҭ Еидгыла ахантәаҩы Марина Богаева.

Лара лымчла, аушьҭымҭацәа идырбан рфотосахьақәа реизгала еиқәыршәаз авидеонҵамҭа.

Аиԥылараҟны еизаз иргәаладыршәеит раԥхьанатә аҵара шырҵоз аа-класск иҟаз Бзыԥҭатәи ашкол аҿы, анаҩс 1963 шықәсазы аԥсуа школ анаадырт арахь ишиасыз. Усҟан ақырҭцәа, аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи рҵараҿы иҟарҵоз аԥынгылақәа, арҭ аушьҭымҭацәа акырӡа ирныԥшит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иалгаз аушьҭымҭацәа реиԥылара.

Аушьҭымҭацәа ргәалаҟазаара бжьызхоз ацәажәарақәеи агәалашәарақәеи иреиҩсны еиҭазыхынҳәит илахҿыхыз рқәыԥшратә шықәсқәа. Уажәшьҭа иахлафаауа ирҳәон, доусы зышҟа абзиабара змаз ртәқәа, аха рыхьӡқәа иахьагьы ирӡон, дара еилыркаауаз ахьӡ ҷыдақәа ракәын иадырбоз.

"Иахьа уажәраанӡа акласс аҿы иҳацтәаз аҭыԥҳа лахь ацәаныррақәа сгәаҵа иҭоуп", — иҳәеит руаӡәы.

Аушьҭымҭацәа ажәа ԥхақәа рхырҳәааит аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа, усҟантәи ашкол адиректор Борис Кьехьыриԥа. Анаҩс аушьҭымҭацәа зегьы инарыгӡеит аҿара иазкыз, угәы зырԥшаауаз ашәа "Как молоды мы были".

Акласс реиқәшәара иалахәыз зегьы, агәрагара аадырԥшит ҩаԥхьа ишеибабало. Арҭ аушьҭымҭацәа реиԥылара иаҳнарбоит, егьа аамҭа царгьы, ауаҩы иԥсҭазаараҟны ашколтә шықәсқәа, иҟәандоу цәанырраны игәаҵа ишҭазаауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0