Европа инхо ауаа иазырыԥхьаӡоит цәыббра 11 ашьҭахь ЕАШ адунеи еиҳа ишәарҭамкәа ирзыҟамҵеит ҳәа

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2001 шықәса цәыббрамзазы аҭыԥ змаз атеррористтә жәылара ашьҭахь ЕАШ (США) еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥнагеит аҩныҵҟатәии жәларбжьаратәии шәарҭадара аиҿкааразы.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik апресс-маҵзура. Азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Ifop, аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Азҵаарақәа ирылахәыз афранцыз респондентцәа рҟынтәи 65% иазырыԥхьаӡоит цәыббра 11 ашьҭахь ЕАШ (США) адунеи еиҳа ишәарҭамкәа ирзыҟамҵеит ҳәа. Анемец респондентцәа рахьынтә усеиԥш ирыԥхьаӡоит 74%, италиатәи ареспондентцәа рҟынтәи 63%. ЕАШ (США) инхо ауааԥсыра ракәзар, 54% иазырыԥхьаӡоит ртәыла қәҿиарала атерроризм иаҿагыланы иқәԥоит ҳәа, 39% уи мап ацәыркуеит, 7% аҭак рзыҟамҵеит.

2001 шықәса цәыббрамзазы аҭыԥ змаз атеррористтә жәылара ашьҭахь ЕАШ (США) еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥнагеит аҩныҵҟатәии жәларбжьаратәии шәарҭадара аиҿкааразы. Убас атеррористтә шәарҭара аиҵатәразы имҩаԥган Афганисҭани Ираки рҟны арратә интервенциа.

© SputnikЕвропа инхо ауаа иазырыԥхьаӡоит цәыббра 11 ашьҭахь ЕАШ адунеи еиҳа ишәарҭамкәа ирзыҟамҵеит ҳәа
Европа инхо ауаа иазырыԥхьаӡоит цәыббра 11 ашьҭахь ЕАШ адунеи еиҳа ишәарҭамкәа ирзыҟамҵеит ҳәа - Sputnik Аҧсны
Европа инхо ауаа иазырыԥхьаӡоит цәыббра 11 ашьҭахь ЕАШ адунеи еиҳа ишәарҭамкәа ирзыҟамҵеит ҳәа

Азҵаара зҭаз европатәи ауааԥсыра рҟынтә абри азҵаара аҭак рзыҟамҵеит: анемеццәа —6%, афранцызцәа — 11%, италиаа — 7%.

Азҵаарақәа мҩаԥнагон Франциа еицырдыруа аҭҵааратә еилакы– Ifop.

Франциа, Германиа, Италиа азҵаарақәа мҩаԥыргон 2016 шықәса рашәарамза 28 инаркны ԥхынгәы 4 рҟынӡа, ЕАШ (США) – 2016 шықәса нанҳәа 26-30 рзы.

Иааидкыланы азҵаарақәа ирылахәын 4015-ҩык ареспондентцәа. Германиа (1000), Франциа (1004), Италиа (1002), ЕАШ (1009)-ҩык.

Изызҵаауаз еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа.

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2014 шықәса, ԥхынгәымзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит британиатәи аҭҵааратә компаниа ICM Research. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵак ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Sputnik. Агәаанагара егьырҭ аҭҵаарақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра.

Ажәабжьқәа зегьы
0