"Евровидение-2017" Урыстәыла имҩаԥысыр алшоит

© Sputnik / / Алексей Фурман / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКиев
Киев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Евровидение-2016" аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Австралиа иамоуп азин ауснагӡатә аицеиҿкааҩыс аҟалараз, аха иара аконкурс ахаҭа Европа имҩаԥысроуп. Аԥҟарақәа инарықәыршәаны ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Урыстәыла аҩбатәи аицеиҿкааҩ ҳәа иҟалар ауеит.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. "Евровидение-2016" аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Австралиа иамоуп азин ауснагӡатә аицеиҿкааҩыс аҟалараз, аха иара аконкурс ахаҭа Европа имҩаԥысроуп. Аԥҟарақәа инарықәыршәаны ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Урыстәыла аҩбатәи аицеиҿкааҩ ҳәа иҟалар ауеит. Уи азы Украина жьҭаарамза алагамҭанӡа аконурс шымҩаԥнагаша ҳәаақәнаҵароуп, ҳәа аҩуеит агазеҭ "Известия".

"Евровидение-2017" амҩаԥгара рҽазыршәоит ақалақьқәа хԥа: Киев, Днепр, Одесса. Украина анапхгара апресс-маҵзура уаанӡа иазгәарҭахьан аконкурс мҩаԥысраны иахьыҟоу ақалақь ахьӡҳәаратә пресс-конференциа шыҟамло. Аконкурстә комиссиагьы алаҳәара арыцхә инахеит афинанстә уадаҩрақәа инарымаданы.

Европатәи алаҳәаратә еидгылаҿ (ЕВС) рацәак имгакәа аконкурс амҩаԥгарҭа ҭыԥ ахьӡ рыларымҳәар аконкурс амҩаԥгара алшоит аҽа тәылак аҟны.

"Украина 2016 шықәса рзы аиааира агеит. Уи иаанагоит 2017 шықәса рзы аконкурс амҩаԥысрагьы араҟа акәхароуп ҳәа. Аха аҿҳәарақәагьы аӡәгьы иаԥимхыцт. Иарбан қалақьу аконкурс мҩаԥысраны иахьыҟоу макьаназы еилкаам. Ҿҳәарала жьҭаара алагамҭа иахымгакәа ирылаҳәазароуп аконкурс мҩаԥысраны иахьыҟоу ақалақь ахьӡ" аҳәоит агазеҭ апресс-маҵзура.

"Евровидение-2016" аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Австралиа иамоуп азин ауснагӡатә аицеиҿкааҩыс аҟалараз, аха иара аконкурс ахаҭа Европа имҩаԥысроуп. Аԥҟарақәа инарықәыршәаны ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Урыстәыла аҩбатәи аицеиҿкааҩ ҳәа иҟалар ауеит.

Украина "Евровидение" аднакылахьан 2005 шықәса рызгьы. 2004 шықәса рзы ашәаҳәаҩ Руслана Сҭампыл аиааира анылга ашьҭахь.

Джамала "Евровидение-2016" ахьымҩаԥысуаз Стокгольм аиааира анылга ашьҭахь еиҭах Украина иаиуит азин "Евровидения-2017" аконкурс амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0