Апринц Ольденбургски игәалашәаратә еиҿцәажәара мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАпринц Ольденбургски игәалашәаратә еиҿцәажәара мҩаԥысит Гагра
Апринц Ольденбургски игәалашәаратә еиҿцәажәара мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апринц Ольденбургски игәалашәратә еиҿцәажәара мҩаԥысит Гагратәи абжьаратә школ №2 аҟны.

ГАГРА, цәыббрамза 13 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Акурорт Гагра ашьаҭаркҩы, апринц Ольденбургски игәалашәра иазкыз аиҿцәажәара мҩаԥысит, иара ибзоурала, усҟантәи аамҭазы иргылаз раԥхьатәи аҵараиурҭатә хыбра, иахьа Гагратәи абжьаратә школ №2 ҳәа иҟоу аҿы.

Санкт-Петербург иҟоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Ольденбургаа рыҩны аҩызцәа" ахантәаҩы Емма Анненкова лаԥшьгарала, Гагратәи ашколхәыҷқәа рзы еиҿкаан адырра-аилкааратә еиҿцәажәара.

Лара ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит а-19-тәи ашәышықәса алагамҭаз, апринц Александр Ольденбургски акурорт Гагра аартразы имҩаԥигоз аусмҩаԥгатәқәеи, иара убас иԥшәма ԥҳәыс Евгениа лнапы злакыз агәыҳалалратә усқәеи ртәы.

Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

1890 шықәса алагамҭаз Гагра иалганы иган амҩа. Жәашықәса рышьҭахь, Романоваа римператортә ҩны ахаҭарнак, апринц Ольденбургски иҽазишәеит европатәи ашәага-загақәа ирықәшәоз, Франциатәи Ницца иашьашәалоз акурорт аргылара.

Апринц иџьабаала иҭарбан аӡбаарақәа. Ишьҭын аӡымҩангагатәии афымцатәии цәаҳәақәа. Ишьҭаҵан атрамваитә мҩа. Иаартын асасааирҭақәа ԥшьба. Раԥхьа дара ҩба-хԥа уада рыла ишьақәгылан, анаҩс еиҳа идырҭбаауа, ауадақәа ирыцырҵо иалагеит. Аус руан ахәшәтәырҭақәа.

Иргылан, Париж имҩаԥысуаз адунеизегьтәи ацәыргақәҵаҟны иаахәаны иаагаз, иахьа зегьы еицырдыруа ақьафурҭа "Гагрыԥшь".

Ольденбургски ибзоурала 14 десҭын зҵазкуа, амшын аԥшаҳәа аҿаԥхьа ишьақәыргылан апарк. Араҟа аладатәи атәылақәа рҟынтә иааганы еиҭаҳан аекзотикатә ҵиаақәа.

Гагра усҟантәи аамҭазы ирааӡон аҟанҷи ашьхақәеи. Аратәи абырфын ахә ҳаракны иршьон, ацха акәзар аҳәаанхыҵ ирҭиуан. Иҭыҵуан агаӡеҭқәа ҩба "Черноморски краи", "Гагринскаиа газета". Аус руан еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа.

Апринц Ольденбургски иԥшәма ԥҳәыс Евгениа, ахшара рацәеи иӷарыз аҭаацәарақәеи рҟынтә ахәыҷқәа, аҵареи-ааӡареи роурц имаҷымкәа аџьабаа лбон. Ажьырныҳәа 9, 1903 шықәсазы официалла иаартын акурорт Гагра. Уи аҽны иԥшьан, апринц Ольденбургски ибзоурала ишьақәыргылаз Иппати иуахәама.

Апринц Ольденбургски итрадицаны иазԥиҵәеит, есышықәса, хәажәкыра 21 азы, амшын аԥшаҳәатә парк аҟны, аҭыԥантәи ауааԥсыра адыԥхьаланы аҵлақәа реиҭаҳара.

Ибзоурала хшыҩзышьҭра ду аҭан аспорт. Раԥхьатәи аицлабрақәа иреиуан Новороссиск инаркны Гагранӡа машьынала аиԥхныҩра. Акурорт Гагра иаҭаауа иалагеит хыԥхьаӡара рацәала асасцәа. Урҭ реиҳараҩык ԥсшьара иаауан Европа атәылақәа жәпакы рҟынтә.

Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, апринц Ольденбургски ихыбрақәа зегьы, аҳәынҭқарра ахатәтәрахьы иианагеит. Апринц Александр Ольденбургскии иԥшәма ԥҳәыс Евгении рыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рхыргеит Франциа.

Сааҭк инарзынаԥшуаз аиҿцәажәара иабзоураны, Гагратәи ашколхәыҷқәа иҿыцны ираҳаз рацәоуп.

"Сара сзы игәахәара дууп, Гагра сааны, абас еиԥш иҟаз аиҿцәажәара ахьымҩаԥызгаз. Ольденбургаа рҭаацәара рҭоурых сазҿлымҳауижьҭеи акрааҵуеит. Дара ирызкны иҭсыжьхьеит ашәҟәқәа ааба. Санкт-Петербург иҟоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Ольденбургаа рыҩны аҩызцәа" ахаҭарнакцәа хықәкыс иҳамоуп, Ольденбургаа ргәалашәара амырӡра, рҭаацәаратә традициақәа архынҳәра", — лҳәеит ашәҟәҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Емма Анненкова.

Апринц Ольденбургски ихьӡ зху Гагратәи амшын аԥшаҳәатә парк аиҳабы Леонид Берзениа, асас иҭабуп ҳәа леиҳәеит имҩаԥылгаз аиҿцәажәаразы. Иара убас иазгәеиҭеит, ирылшо зегь шыҟарҵало, апарк аиқәырхаразы.

"Ҳаргьы, шәара ҳаншәывагыланы, ҳҽазаҳшәоит Ольденбургаа рҭаацәара иаԥырҵаз атрадициақәа рырхынҳәра. Иааиуа ааԥынразы, аҿар адыԥхьаланы апарк аҟны еиҭаҳҳауеит аҵлақәа", — ҳәа азгәеиҭеит апарк аиҳабы.

Аиҿцәажәара иаҭааз, Гагра араионтә Еизара адепутат Алиас Ажьиба ихәҭакахьалагьы, еизаз агәра диргеит, арҭ атрадициақәа рырхынҳәраҿы ацхыраареи авагылареи шриҭало.

Аҵыхәтәаны, Гагратәи абжьаратә школ №2 адиректор Изабелла Ажьиԥҳа аиҿцәажәара мҩаԥызгаз Емма Анненкова иҭабуп ҳәа лалҳәеит, Гагра ақалақь аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда аанызкыло, акурорт ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургски ихьӡ акамыршәра дахьазааԥсо, еиҵагыло абиԥара иахьрызналго азы.

Анаҩс, ашкол ахьӡала, асас илаҭәашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0