Виачесав Битаров Нхыҵ Уаԥстәыла ахадас далхуп

© Sputnik / Александр Астафьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиачесав Битаров Нхыҵ Уаԥстәыла ахадас далхуп
Виачесав Битаров Нхыҵ Уаԥстәыла ахадас далхуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны Битаров изы рыбжьы рҭиит 56-ҩык адепутатцәа, Книазева лзы аӡәгьы ибжьы имҭиӡеит, Кучиев изы хҩык рыбжьы рҭиит.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. Нхыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәа ареспублика ахадас далырхит Виачеслав Битаров. Абри атәы ааицҳаит Апарламент аиҳабы Алексеи Мачнев.

Нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин Нхыҵ Уаԥстәыла ареспублика ахадас ҳәа ркандидатура ықәиргылеит хҩык: Нхыҵ Уаԥстәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Виачеслав Битаров, Аҵареи, аҭҵаарадырреи анаукеи рзы Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Елена Книазева, Апарламент ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Гари Кучиев.

Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны Битаров изы рыбжьы рҭиит 56-ҩык адепутатцәа, Книазева лзы аӡәгьы ибжьы имҭиӡеит, Кучиев изы хҩык рыбжьы рҭиит

"Зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит исышәҭаз агәрагаразы. Сгәы иаанагоит ҳаидгыланы ицәырҵран иҟоу азҵаарақәа еицаҳаӡбалап", ҳәа иҳәеит Битаров.

Ажәабжьқәа зегьы
0