Аҩӡба: имҩаԥааго апроектқәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.
Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы аԥхын аамҭазы аҿар рзы еиҿыркаауеит еиуеиԥшым апроектқәа. Урҭ иреиуоуоп Ауадҳара имҩаԥысуаз "Аԥыза 2016", Кәыдрытәи аҩхааҟны еиҿкааз арратә-патриоттә ааӡаратә лагер.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik,Рада Ажьиԥҳа. Аԥхын 2016 шықәсазы Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы имҩаԥнагаз апроектқәа алҵшәа бзиақәа аанарԥшит ҳәа ухәар алшоит, хаҭабзиарала акы иаҵамхо, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

"Сынтәеи ҵыԥхи аԥхынтәи апроектқәа еиҿҳарԥшуазар иҳалҳаршеит алагерқәа ирылахәыз аҿар рхыԥхьаӡара аизырҳара. Уи зыбзоуроу ҵыԥх иҳамаз алшарақәа раасҭа сынтәа иахьеиӷьхаз ауп. Сынтәатәи "Аԥыза 2016" атәы хҳәозар, егьырҭ излареиԥшымыз уи ауп, раԥхьа иргыланы асасцәа рацәаҩны иаҳҭан. Апроект иалахәын Аахыҵ Уаԥстәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи  ихынҳәыз ҳџьынџьуаа аҿар. Дара апроект ралархәра азныказы маҷк ҳацәшәеит, избан акәзар абызшәа азымдырра рԥырхагахар ҳәа ҳшәон, аха проблемак ҳмоуит, уимоу рнапы еикәыршаны, пату еиқәҵаны имҩаԥысит. Ажәакала, алагер апрограмма ҭбаан, аҵаратә процесс гәылҭәаан. Апроект хықәкы хадас иамоуп, аҿар мырааԥсаӡакәа аҵаратә процесси рыԥшьареи ахеибарҭәаара", ҳәа иҳәеит Аҩӡба.

Алиас Аҩӡба иазгәеиҭеит, апроетқәа рыҟны хшыҩзышьҭра шрырҭо ақыҭа аҿар. 

"Изныкымкәа исҳахьеит ҳапроектқәа рыҟны ԥхьагылара шраҳҭо ақыҭа аҿар, иара убас агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра зырҭо аҭаацәара рацәа рҟнытәи ахәыҷқәа", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Кәыдрытәи аҩхааҟны еиҿкаан арратә-патриоттә ааӡаратә лагер. Хықәкыла изызку ари апроект арра имцац аҷкәынцәа роуп.

"Кәыдрытәи аҩхааҟны  имҩаԥаагоз арратә-патриоттә ааӡаратә проект зызку арԥарцәа роуп, иара акырӡа аҵакы дууп. Ари апроект иалахәуп арра ицараны иҟоу аҿар рхаҭарнакцәа. Сынтәатәи алагер жәларбжьартәхеит, избанзар иалахәын Лугансктәи, Донецктәи, Аахыҵ Уаԥстәылантәи ареспуликақәа рҟнытә  аҿар, иара убас Урыстәылантәи. Иааидкыланы, апроект иалахәыз зегьы хыԥхьаӡарала иугозар 160-ҩык рҟынӡа иалахәын. Иазгәасҭарц сҭахуп ари апроект ацхыраара шарҭо Аԥсны атәылахьчара аминистрра. Иҟарҵои аҿар ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа шәҵаауазар, дара ирҵоит арратә бзазара заку, абџьар ахархәашьа, абнараҿы ахымҩаԥгашьа уҳәа апатриоттә ааӡара. Иааидкыланы иаҳҳәозар алагерқәа ирылахәу аҿар зегьы, апроект анхҳарқәшалак ус иааныжьны иҟаҳҵаӡом, наҟ-наҟ ҳархылаԥшоит, ҳрыцклаԥшоит. Убас, арратә-патриоттә ааӡара иалаху аҿар, реиҳарак арра ацара иацәҳьаҵӡом, уимоу алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит", — ҳәа ацыиҵеит Алиас Аҩӡба.

Алиас Аҩӡба иажәақәа рыла, уажәазы имҩаԥырго апроектқәа реиҳарак аԥхын аамҭазы акәзар, иаарласны аӡынгьы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла алагерқәа риеҿкаар рнапы адыркуеит.

Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба, инаҵшьны иазгәеиҭеит имҩаԥырго апроектқәа зегьы хылаԥшреи, авагылареи шаиҭо Аҳәынҭкарра ахада Рауль Ҳаџьымба

Ажәабжьқәа зегьы
0