Ҳаџьымба: адунеи аҟны иҟам тәылак ауаҩытәыҩса изинқәа ахьеиларымго

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада дидикылеит ихьыԥшым аексперт Томас Хаммарберг.
Аԥсны Ахада дидикылеит ихьыԥшым аексперт Томас Хаммарберг. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада дидикылеит ихьыԥшым аексперт, уаанӡа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Еврохеилак акомиссар Томас Хаммарберг.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада дидикылеит ихьыԥшым аексперт, уаанӡа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Еврохеилак акомиссар Томас Хаммарберг. Адунеи аҟны иҟам тәылак ауаҩытәыҩса изинқәа ахьеиларымго, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аиԥылараан.

"Убри азоуп иарбанызаалак атәыла аҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы ахаҭарнакцәа зыҟоу. Ҳара аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп. Иҳамоуп агхақәа реиԥш аихьӡарақәагьы. Агәра згоит ҳазҵаарақәа зегьы шыӡбахо", — иҳәеит иара.

Томас Хаммарберг иҳәеит аԥсуа гани иареи еицымҩаԥырго аусурақәа рыхә ҳаракны ишишьо.

"Сгәы иаанагоит иаарласны ҳаицусура хыркәшахап ҳәа. Иаҳкьыԥхьраны иҟоу ажәахә ҳзеиԥш ус азы илагала бзиахап ҳәа сгәыӷуеит", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба иакәзар иазгәеиҭеит Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала аҭагылазаашьа иазку ажәахә обиективла иазырхиахоит ҳәа агәрагара шимоу.

Хамммарберг иакәзар: "Ажәахә аҟны ианырԥшхоит иахьатәи аамҭазы иҟоу апроблемақәа, ирзааҭгылахоит ауаажәларратә еилазаара алахәылацәа рзинқәа", — иҳәеит.

Атәыла Ахада далацәажәеит аҳәынҭқарра атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра хықәкны ишамоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0