20 355-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи 75% "Единая Россия" азы рыбжьы рҭиит

© Sputnik / Томас ТхайцукСемен Григорьев.
Семен Григорьев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥгаз Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан 20 355-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи 75% "Единая Россия" азы рыбжьы рҭиит.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Цәыббра 19 рзы "Клуб избирателей" аҟны имҩаԥысыз аиԥылараҟны Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иазгәеиҭеит иаагәоуҭартә еиԥш аԥыжәара шагаз апартиа "Единая Россия". Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥгаз Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан 20 355-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи 75% "Единая Россия" азы рыбжьы рҭиит.

"Абыжьқәа рыԥхьаӡара иаанарԥшит алхрақәа рхы шрыладырхәыз Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа 20 355-ҩык. Апартиа "Единая Россия" азы рыбжьы рҭиит 75,38 %, ЛДПР азы – 6,64 %, "Коммунистическая партия России" иаиуит 5,83% рыбжьы", — иҳәеит Семион Григориев.

Григориев иажәақәа рыла апартиа "Родина" иаиуит абжьыҭыҩцәа 1, 66 % рбыжьқәа, апартиа "Справедливая Россиа" — 1,54 %.

Иааидкыланы Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны 90 000-ҩык рҟынӡа зыбжьы зҭиир йало ауааԥсыра ҭаҩуп. Иара убасгьы Аԥсны рыбжьы рҭиир азин рыман ареспубликаҟны зыԥсы зшьо Урыстәыла атәылауааи, араҟа зусқәа рзы иааны иҟоу Урыстәыла атәылауааи.

Ажәабжьқәа зегьы
0