Ауаажәларратә палата алахәылацәа шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба цәыббра зежә рзы инапы аҵеиҩит Адҵа: "Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы".

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба цәыббра зеижә рзы инапы аҵеиҩит Адҵа: "Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы". Уи инақәыршәаны Ауаажәлаарратә палата иалахәылацәа ҿыцны иҟоуп 13-ҩык.

Зынӡа апалата шьақәгылоит 35-ҩык рыла.

"Ауаажәларратә палатазы" азакәан инақәыршәаны еиуеиԥшым аилацәажәарақәа рышьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, зумҭақәа рыла еицырдыруа, атәылеи ажәлари зылшамҭақәа рыду 13-ҩык ркандидатурақәа алхуп. Урҭ аилазаара ҿыц иалагалахоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

"Ииасыз ашықәсқәа иаҳдырбеит Ауаажәларратә палата ишалшо атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара актуалтә зҵаарақәа рыӡбара, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи интиресқәа реимарбзиара хықәкны иҟаҵаны афорумк аҳасабала ахымҩаԥгара", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ауаажәларратә палата азакәанқәа рекспертиза амҩаԥгара шауалу, аиҳаракгьы ауаажәларратәи аполитикатәи резонанс змоу.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атәылауааи амчреи рыбжьара Ауаажәларратә палата адиалог ахьымҩаԥырго ҭыԥны иҟалароуп ҳәа.

Ауаажәларратә палата уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ Нателла Акаԥҳа атәыла Ахада ииҳәаз дақәшаҳаҭхо илҳәеит:

"Даара акраҵанакуеит Ауаажәларратә палата аграждантә еилазаара аинститутк аҳасабала аҟазаара" ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0