Аԥсны Ахада Леонид Тибилов дидныҳәалеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов
Президент Республики Южная Осетия Леонид Тибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1990 шықәса цәыббра 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла жәлар рдепутатцәа Рхеилак иаднакылеит ареспублика амилаҭтә суверинитет азы Адеклорациа.

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Леонид Тибилов идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ашьаҭаркра Амш. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика 26 шықәса ахыҵра. Ари амш ҭоурыхтә шьаҿаны иҟалеит ҳаамҭазтәи ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы. Ауаԥс жәлар рҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара амҩаҿ ирхыргеит ауадаҩрақәа жәпакы. Урҭ ауадаҩрақәа ирхьыԥшымкәа ирылшеит ареспублика ахьыԥшымра азхарҵартә еиԥш аҟаҵара", ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҟны.

2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахьазханаҵаз ҳтәылақәа рыҩбагь рзы рԥеиԥш шьаҭанкыла изыԥсахуа акәны иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

"Иахьа, Аахыҵ Уаԥстәыла ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи, адоуҳатә акреи, аманшәалареи уаҵәтәи амш ақәгәыӷреи ирҿырԥшны иҟоуп. Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Леонид Харитон-иԥа, исҭахуп шәареи, Аахыҵ Уаԥстәыла афырхаҵа жәлари ишәзеиӷьасшьарц аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиарақәа", ҳәа азгәеиҭоит Рауль Ҳаџьымба.

Ажәабжьқәа зегьы
0