АҞӘА, цәыббра 21– Sputnik. Ахәра зауз ахьыԥшратә аррамаҵзурауаа адәы рықәгареи, иԥжәоу амашьынақәа рҭыгареи рзы атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Аладатәи арратә округ амедицинатә ҟәшақәа. Абри атәы аанацҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә медикцәа Аԥсны ашьхақәа рҟны адәытә госпиталь аадыртуеит
Ашьха-бнатә ҭыԥ аҟны аруаа имҩаԥыргоит атактика ҷыдатә ҵарақәа хымш рыҩныҵҟа. Аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигон Ҵабал аҟны.
"Аҽазыҟаҵарақәа ишазыԥхьагәарҭо ала аруаа 100-километрак иныҟәаны адәытә госпиталь аартразы анорматив ҷыдақәа нарыгӡоит", ҳәа арбоуп апресс-маҵзура адырраҟны.
Апресс-маҵзура иҟанаҵаз адырраҟны иазгәаҭоуп аҽазыҟаҵарақәа ишалшо ала аибашьратә ҭагылазаашьа ианыршәаны ишымҩаԥгахо. Арратә медикцәа имҩаԥыргоит анорматив ҷыдақәа, иаԥырҵоит адәытә ҭагылазаашьаҟны ихьырԥшу аоперациақәа.
Аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәуеит 100-ҩык рҟынӡа арратә медикцәа, 20 рҟынӡа амедицинатә арратә техника, ацхыраара ласы амашьына ҳәа азгәаҭоуп адырраҟны.