Sputnik урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны аинтерактивтә навигатор аусура иаланаргеит

© Sputnik / SitdikovАрхивтә фото. Аушьҭымҭацәа.
Архивтә фото. Аушьҭымҭацәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи амаҵзура Sputnik Россатрудничество иҟанаҵо ацхыраарала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны аинтерактивтә навигатор аусура иаланаргеит.

АҞӘА, цәыббра 21, — Sputnik. Апроект "Социальный навигатор" аус аднаулеит аҳәаанырцәтәи абитуриентцәа рзы раԥхьатәи аинтерактивтә новигатор "Лучшие университеты России: выбери свой". Иара азырхоуп урыстәылатәи аҵараиурҭа алызхуа аҳәаанырцәтәи абитуриентцәа аҵараҵаразы азыҳәа аҟаҵараан рус армариара. Ановигатор афиналтә версиахь инагоуп атәымҳәынҭқарратә тәылауаа еиҳа ирацәаны аҵара ахьырҵо Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа 207.

Хаҭала абитуриентцәа ирылшоит аҵараиурҭа аусура, иара ахырхарҭа, жәларбжьаратәи ареитингқәа рылахәра, аҵара ахәԥса, анхара, акрыфаражәра рыхәԥса, азеиԥшнхарҭа амазаара мамзаргьы амамзаара, аурыс бызшәа акурсқәа рыҟазаара, англыз бызшәала аҵаратә программақәа рыҟазаара, заҟаҩы аҵара рҵо, адокументқәа анрыҭатәу, аспорттә инфраструктура (абассеини аспорткомплекси) рымазаара уҳәа реилкаара.

"Иахьатәи аамҭазы Урыстәылатәи аҵара ахаҭабзиара аҩаӡара ҳаракы амоуп. Ҳара иаҳҭахуп аҳәаанырцәтәи абитуриентцәа абри атәы рзеиҭаҳҳәарц. Ҳапроект иалнаршоит ауниверситетқәа рылшарақәа рзы ииашоу аинформациа аҟаҵара. Апроект аҟны аинформациа зҭаху ирыдгалоуп 12 бызшәа рыла. Ари шьаҿа бзиоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аҵара аминистрреи Россатрудничествои русеицураҟны", ҳәа азгәалҭеит Россатрудничество анапхгаҩы Лиубов Глебова.

Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит. Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузивтә интервиуқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0