АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аинформациатә ресурс ҿыц "Аиашара" (Aiashara) ӡырыргеит ахаша, цәыббра 21 рзы Аҟәа.
Аресурс аиҿкааҩцәа ируаӡәку Адгәыр Лагәллаа иажәақәа рыла аидеиа цәырҵит шықәсык аԥхьа. Аӡыргараан иара иҳәеит аресурс аусура х-хырхарҭак шамоу.
"Актәи ахырхарҭа – ажурналист усуроуп. Аҩбатәи – дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ игәаанагара иҳәарц ахьилшо ҭыԥуп. Ахԥатәи — апресс-конференциақәеи, астол гьыжьқәеи асеминарқәеи ахьымҩаԥгахо ҭыԥуп", — иҳәеит Лагәлаа.
Адгәыр Лагәлаа иажәақәа рыла "Аиашара" ареспублика араионқәа рыԥсҭазаара аартны иаанарԥшлоит.
"Уажәы еиҳарак Аҟәа акәша-мыкәшоуп излацәажәо. Иахьазы ҳара иҳамам есыҽны Гал, Очамчыра, Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Гагра имҩаԥысуа ахҭысқәа рыӡбахә зҳәо аресурс. Сгәы иаанагоит уи апроблема ҳара аӡбра ҳалшап ҳәа", азгәеиҭоит Лагәлаа.
Аинформациатә маҵзура "Аиашара" иашьаҭаркыҩцәан иҟоуп жәаҩык ауаа. Аӡыргараҟны иазгәаҭан аресурс иарбанызаалак политикатә партиак ишадҳәалам. Уажәазы иара мҩаԥгахалоит урыс бызшәала, аха ԥхьаҟазы иазгәаҭоуп аԥсышәалеи ҭырқә бызшәалеи амҩаԥгара.