АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥсҳәы ақыҭан жәшықәса рыҩныҵҟа аргылара иаҿын Иоаан аӡӡаахҩы иуахәама. Ауахәама аргылара хыркәшаны Анцәа иан цқьа лымш аҽны ирыԥшьеит.
Шәышықәса рыҩныҵҟа иргылоу раԥхьатәи ауахәама аԥшьара иалагеит ашьыжьтәи анцәаимҵаныҳәара ала. Аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥыргеит аб Игнати Киути Василиск Леибеи.
"Абри амшныҳәа ссир аҽны ауахәама аԥшьара гәырӷьароуп. Ҳара иахьа ҳгәы ҭамгыло ауп ҳшыҟоу. Иҿыцу ауахәамаҿ анцәа имҵаныҳәара иҿыцу агәыхыҭхыҭра унаҭоит", — иҳәеит Игнати Киут.
Аб Игнати иазгәеиҭеит раԥхьаӡа акәны ауахәама шиԥшьо. Уи насыԥ иманы ихы шинарбо. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ԥсҳәы асеиԥш иҟоу ауахәама аргылара шымариамыз, ҭабуп ҳәа реиҳәеит ауахәама аргылара аԥшьызгаз Наталиа Гержовеи, Батал Арӡынбеи, аиеромонах Серафими, архитектор Сергия Гончарови.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Виссарион Аԥлиа ауахәама аԥшьарахь дзымнеиит, аха анцәа дхазҵо зегьы ирыдиныҳәалеит.
20 шықәса раԥхьа аб Василиск Ԥсҳәы даҭааит. Усҟаньы уажәгьы иара иоуит агәаанагара Иерусалим дыҟоушәа, анцәахаҵаҩцәа рыматанеиажәа ақьырсиан дунеи зегьы иаҳауашәа.
Ԥсҳәытәи ауахәама ҳамҭас Иоаан аӡӡаахҩы ицәеижь ахәҭак азынеишьҭит одессатәи аепископ Виктор.
Наталиа Гержова лакәзар ауахәама аргылара ахьхыркәшахаз амцаԥшьа агылара иадылкылеит.
Ауахәама аԥшьараан арахь иааиит ақыҭауаа рыдагьы атәыла акәакьқәа зегь рҟынтәи анцәа дхазҵо.