Аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥыргеит аб Игнати Киути Василиск Леибеи. "Абри амшныҳәа ссир аҽны ауахәама аԥшьара гәырӷьароуп. Ҳара иахьа ҳгәы ҭамгыло ауп ҳшыҟоу.
Иҿыцу ауахәамаҿ анцәа имҵаныҳәара иҿыцу агәыхыҭхыҭра унаҭоит", — иҳәеит Игнати Киут. Ԥсҳәытәи ауахәама ҳамҭас Иоаан Аӡӡаахҩы ицәеижь ахәҭак азынеишьҭит одессатәи аепископ Виктор.
Хәы змаӡам аҳамҭа уажәшьҭарнахыс араҟа иаанхоит

1/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ԥсҳәы ақыҭан жәшықәса рыҩныҵҟа аргылара иаҿын Иоаан аӡӡаахҩы иуахәама

2/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ауахәама иахьаҵанакуа игылоуп асаркьаласырҭа

3/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Жәабала анцәаисахьақәа идырԥшӡоит ауахәама аҩныҵҟа

4/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәатә нцәаимҵаҳәараан арахь иааиит анцәа дхазҵоз зегьы

5/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ауахәама аԥшьараан арахь иааиит ақыҭауаа рыдагьы атәыла акәакьқәа зегь рҟынтәи анцәа дхазҵо

6/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ауахәама ахьеизеиҟароу игылоуп Анцәа иан ԥшьеи Иоаан Аӡӡахҩи рсахьақәа

7/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ԥсҳәытәи ауахәама ҳамҭас Иоаан аӡӡаахҩы ицәеижь ахәҭак азынеишьҭит одессатәи аепископ Виктор

8/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анцәа дхазҵо ари амш иазыԥшын жәашықәса дуӡӡа

9/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ауахәама асахьаԥшьақәа ранҵаразы арахь иааԥхьан аҳәаанхыҵтәи аҟазауаа

10/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иоаан Аӡӡаахҩы иуахәама рыԥшьеит Анцәа иан ԥшьа лымшира аҽны

11/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәатә нцәахаҵаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуан ашәаҳәареи аматанеиреи ацны

12/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥыргеит аб Игнати Киути Василиск Леибеи

13/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡы аԥшьара аамҭа

14/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аныҳәатә уснагӡатәқәа хыркәшо аб Игнатии Киут еизаз, ауахәама аргылара знапы алакыз ирзишеит анцәахә-ча