Уаанӡатәи Атәылахьчара аминистрВладимир Мқанба 85 шықәса ихыҵуазаарын

© Foto / из архива семьи МиканбаВладимир Миканба
Владимир Миканба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы, уаанӡатәи Атәылахьчара аминистр Владимир Мқанба 85 шықәса ихыҵуазаарын.

Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.

Владимир Мқанба диит цәыббра 23, 1931 шықәса рзы Афон Ҿыц.

1960 шықәса рзы далгеит Москватәи автомабил-мҩатә институт, анџьныр-механик изанааҭ иманы. Арратә кафедраҟны дахысит арразыҟаҵара алеитенант ичын иманы.

© Фото : из архива семьи МиканбаВладимир Миканба
Владимир Миканба - Sputnik Аҧсны
Владимир Миканба

1960 шықәса рзы далагоит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аҟны аусура. Аамҭақәак рыла анџьныр хада имаҵзураҟынӡагьы днаӡоит. 1975 шықәса рзы Владимир Мқанба дҟарҵоит Аҟәатәи апартиа ақалақьтә комитет ааглыхра-транспорт аҟәша аиҳабыс.

"Иара даара бзиа ибон Аҟәа, ақалақь ахадас иҟазаараан ирацәоуп иргылаз. Иара иаамҭазы ауп ианыргылахаз: Аурыс драматә театр, Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа. Аибашьра ашьҭахь, Атәылахьчара аминистрс иҟазаараан иаадыртит арратә ҵараиурҭа. Иахьатәи Аминистрцәа Реилазаара аҿаԥхьа игылоу аԥсаҵлақәа аазгаз иара иоуп", — лҳәоит иԥшәмаԥҳәыс Ада Мқанԥҳа.

Лара илгәалалрышәоит аибашьраан Владимир Мқанба афронт ацәаҳәаҿы дшыҟаз. "Аибашьраан иара иӡбеит аԥхьатәи ацәаҳәахьы днеины, иҟоу-шыҟоу ибарц. Уа данырба, ҳәарас иаҭахузеи зегьы иџьаршьеит", — лҳәоит Ада.

Иуадаҩӡаз аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы Атәылахьчара аминистр Владимир Мқанба ар рхархәаразы иаԥиҵоит анхамҩа.

© Фото : из архива семьи МиканбаВладимир Миканба
Владимир Миканба - Sputnik Аҧсны
Владимир Миканба

"Уи атәы здыруа дмаҷуп, аха асолдаҭцәа фатәыла реиқәыршәаразы ауҭраҭых аадрыхуан, арахә анырҵеит. Аԥхын, араса ҟалаанӡа ахә ишәон, нас араса аахәаны ихаҭыԥуаа амаҵзуратә машьынақәа рзааихәон", ҳәа лгәалалыршәоит Ада Мқанԥҳа.

Уи адагьы иӡаху ар рымаҭәа ахә ахьдууз инамаданы аба аахәаны аформа дирӡахуан.

"Владимир Тач-иԥа даара дуаҩы лашан. Аибашьраанӡагьы, аибашьра ашьҭахьгьы аинырра бзиа ҳаман. Сара усҟан аинформациеи акьыԥхьи рминистрс сыҟан даара ацхыраара сиҭон, Аԥсны ахьӡ-аԥша аҳәаанхыҵ аларҵәара дацхраауан. Аԥсуа жәлар ринтересқәа данрылацәажәоз даара апринципра ааирԥшуан. Дпатриот иашан. Заа дҳацәцеит. Иҟалон иҵегьгьы илиршар ижәлари иԥсадгьыли рзы", — лҳәоит Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла Наҭела Акаԥҳа.

© Фото : из архива семьи МиканбаВладимир Миканба
Владимир Миканба - Sputnik Аҧсны
Владимир Миканба

1985 — 1989 шықәсқәа рзы Аԥснытәи АССР аҭыԥантәи ааглыхра министрс дыҟан, Аԥснытәи АССР Аминистрцәа рсовет ахантәаҩы дихаҭыԥуаҩын.

"Иахьа дыҟазар Владимир Мқанба 85 шықәса ихыҵуазаарын. Владимир Мқанба аамҭақәак рзы Аԥснытәи АССР аҭыԥантәи ааглыхра министрс дыҟан, Аԥснытәи АССР Аминистрцәа рсовет ахантәаҩы дихаҭыԥуаҩын, Аҟәа ақалақь дахадан. Аибашьра ашьҭахь — Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыси Атәылахьчара аминистрыси дыҟан", ҳәа еиҭеиҳәоит Виачеслав Цыгәба, Аԥсны уаанӡатәи Аԥыза-министр.

Абарҭ зегьы рыдагьы даара дҭаацәарауаҩ бзиан, илшон аҩызара, агәцаракра ҳәа азгәеиҭоит Цыгәба.

© Фото : из архива семьи МиканбаВладимир Миканба
Владимир Миканба - Sputnik Аҧсны
Владимир Миканба

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Гәдоуҭаҟа диасуеит.

Владимир Мқанба иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса рзы. "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианашьоуп иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0