00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
"Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит": асасдкылара аус знапы алаку ауааԥсыра рзы апроект
13:05
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Акәукәу аҭра ахыԥраара": РУСДРАМ аспектакль ҿыц еилҳаргоит
13:45
26 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Главный четверг
Пицунда хочет вернуть собственный бюджет: доводы Собрания депутатов
14:21
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Кредиты, вложения, доверие: банки Абхазии наращивают активность
14:47
3 мин
Актуальный комментарий
Премии Искандера вручили в Москве: об обладателях и их работах
14:50
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Гагратәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа цоит: араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара
18:19
3 мин
Аиҿцәажәара
Ақыҭа арҵаҩы ихаҿсахьеи аусура игәы азҭаҵареи: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара
18:25
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
"Все лампы, фонари - сюда сбежались…": куда так поэтично приглашает художница Амра Чичибая?
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гагра араион иатәу аибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭала иалкаан

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
21-ҩык Гагра араион иатәу, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан.

ГАГРА, цәыббрамза 23 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵа инақәыршәаны, 21-ҩык Гагратәи агарнизон акоминдандтә рота иалахәыз аибашьра аветеранцәа иранашьан аибашьратә ҳамҭақәа.

Дара рахьтә хҩык, Данил Чамагәуеи, Геннади Нанбеи, Виачеслав Вардаиеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа раҭәашьан ианҭаха ашьҭахь, урҭ рыдыркылеит аибашьцәа рыхшара.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан.

21-ҩык рахьтә 20-ҩык иранашьан "Агәымшәаразы" амедалқәа. Данил Чамагәуа данҭаха ашьҭахь иаҭәашьан Леон иорден.

Аибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара аофициалтә церемониа мҩаԥысит акультура аҩны аҟны.

Уи иалахәын Гагра араион арратә комиссар Дмитри Ҳагба, Гагратәи абыжьбатәи арезервтә ахысратә бригада акомандаҟаҵаҩ Роман Рабаиа, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, Гагратәи агарнизон акоминданттә рота акомандаҟаҵаҩс иҟаз Роман Ҭарба.

Гагра ариаон Ахадара аиҳабы Заур Бганба аибашьра аветеранцәа ирыдиныҳәалеит абас еиԥш зыҩыӡара ҳараку аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рнапаҿы иахьроуз.

"Шәареи ҳареи иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы. Уи доусы иаҳуалԥшьан. Мышқәак рышьҭахь, аԥсуа жәлар иазгәаҳҭоит Аиааира амш. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра рыԥсы ахҭнырҵеит зықьҩыла ҳҵеицәа. Иахьа зыԥсы ҭаны, ари агәырӷьаратә мшы иаԥыло, шықәсы рацәала шәагымзааит Аԥсны", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы.

Аибашьцәа аҳамҭақәа рнапаҿы ирызҭоз ркомандаҟаҵаҩ Роман Ҭарба ихәҭакахьала иазгәеиҭеит, дара ргәы меиҭаскәа ирылшаз зегь шыҟарҵаз аиааира амш арааигәатәразы.

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа здызкылаз Гагратәи агарнизон акоминданттә рота алахәцәа рыхәҭакахьала, иҭабуп ҳәа рарҳәеит амедалқәа раҭәазшьаз.

"Аибашьраан, доусы илшоз ҟаиҵеит иԥсадгьыл аиқәырхаразы. Ҳаргьы ҳкомандаҟаҵаҩ Роман Ҭарба дҳаԥхьагыланы иҳалҳаршеит ажәыларатә аоперациақәа жәпакы арылахәра, даҳмырԥхашьеит ҳәагьы сгәы иаанагоит", — иҳәеит аибашьра аветеран Русҭамбеи Ҭарба.

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа занашьаз иреиуоуп: Зураб Алшәындба, Анатоли Аншба, Александр Безенков, Беслан Бениа, Даҭа Бениа, Рудик Бениа, Виачеслав Вардаиа, Николаи Васин, Александр Гәбаз, Нури Гәымба, Бахри Џьениа, Леонид Кәаӡба, Гәырам Колбаиа, Геннади Нанба, Адгәыр Ԥлиа, Русҭамбеи Ҭарба, Иури Ҭарба, Данил Чамагәуа, Едуард Чамагәуа, Леонид Черников, Игорь Шәлымба.

Ажәабжьқәа зегьы
0