Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷолариа: Аԥсны ашәҟәыԥхьара акыр ихьысҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи амилаҭтә библиотека
Аԥснытәи амилаҭтә библиотека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа еиҭеиҳәеит цәыббра 25 имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи арт-фестиваль "Амшын аԥшаҳәаҿы анаиааира" аҽазыҟаҵара шцо атәы.

Борис Ҷолариа агәыӷра ааирԥшит арт-фестиваль "Амшын аԥшаҳәаҿы анаиааира" Аԥсны ашәҟәы иаԥхьо ауаа рхыԥхьаӡара иацнаҵа ҳәа.  

Уи иажәақәа рыла, иахьа, аелектронтә хархәагақәа рымҽхак аҭбаара иахҟьаны, ашәҟәа иаԥхьо ауаа есааира имаҷхоит, убри аҭагылазаашьа аԥсахра азы иӡбан арт-фестиваль "Амшын аԥшаҳәаҿы анаиааира" амҩаԥгара.

"Хра злоу ахҭысқәа": амилаҭтә библиотека ахантәаҩы Борис Ҷолариа дазааҭгылеит ахәаша имҩаԥысуа арт-фестиваль атәы

Ас еиԥш иҟоу апректқәа цәырҵуа ианалага Аԥсны ашәҟәыԥхьара иацлар азы иӡбан Жәларбжьаратәи арт-маркет амҩаԥгара.

Апроект иалагӡаны, Аҟәа аԥшаҳәаҿы еиҿкаахоит, алитература, амузеи, асахьаҭыхра, амода, амилаҭтә наплакы, акәашара, амузыка, аспорт, уҳәа рыла аицлабрақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0