Аҭоурыхтә форум аҟны аҭоурыхи архивқәеи ирылацәажәон

© Sputnik / Томас ТхайцукАстудентцәа.
Астудентцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, цәыббра 26 рзы.

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Раԥхьатәи аҿартә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" астудентцәа еидызкыло апроект ҭбаа иалагамҭоуп ҳәа Sputnik акорреспондент илалҳәеит афорум акоординатор Милана Бжьаниаԥҳа.

"Афорум азырхоуп аҭоурых азхьарԥшра", — лҳәеит лара.

20-ҩык рҟынӡа афорум алахәылацәа иаздырхиеит ажәахәқәа. Араҟа актуалра рыман абарҭ рҩызцәа атемақәа: "Историко-архивный институт в системе исторического образования", "О некоторых аспектах Российско-Кавказских отношениях в новое и новейшее время", "Вхождение Абхазии в состав Российской империи: о чем говорят источники" уҳәа егьырҭгьы.

ИАИ РГГУ архивтә ус афакультет 3-тәи акурс астудент Иван Кулаков афорум аҟны даԥхьеит ажәахә: "Архив Министерства обороны и его роль в изучении Великой Отечественной войны".

Ажәахәҟаҵаҩ ишиҳәаз ала: "Аинтернет-портал "Мемориал" аҟны иуԥшаар алшоит ҳандуцәеи ҳабдуцәеи, иуԥшаар алшоит урҭ иранашьоу амедалқәеи аорденқәеи. Иахьагьы хабарда ибжьаӡны иҟоуп зықьҩыла асолдаҭцәа. Уажәы уи аҳәынҭқаррак ҵакы аҭаны ишьақәыргылоуп. Иаԥҵоуп афедералтә агентра.

"Сара аԥшааратә отриад салахәылоуп. Ҳара активла архивқәа рҟны аус аауеит, уа иҳауа адыррақәа рыла ауаа ҳаԥшаауеит", — иҳәеит Куликов.

ИАИ РГГУ аҭоурыхтә факультет адекан Елена Малышева иазгәалҭеит архивтә ҵакыра иаку ҵакыраны ишыҟоу. "Ҳара иҳалшоз ҟаҳҵоит архивқәа рылшарақәа аарԥшны шәырбаразы", — лҳәеит лара.

ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иазгәеиҭеит афорум қәҿиарала ишымҩаԥысыз атәы.

"Иубартә иҟоуп арҭ астудентцәа архивтә ус бзиа ибаны ишаҿу. Сгәы иаанагоит урҭ ушьҭа архив ус аанрыжьрым ҳәа", — азгәеиҭеит иара.

Аҭоурыхтә форум "История и архивы: межгосударственное измерение" мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, цәыббра 23 рзы.

Асасцәа рзы имҩаԥган ҩымштәи аекскурсиақәа. Урҭ идырбан Аԥсны аҭыԥ ԥшӡаррақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0