Гагра акәуа ду рбеит

© SputnikЧерепаху весом 30 кг поймали у берегов Абхазии гагрские рыбаки
Черепаху весом 30 кг поймали у берегов Абхазии гагрские рыбаки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын-кәыуа фышықәса раԥхьа аҟәарахьы ихықәыжьланы ирбахьан Очамчыра араион аҟны.

АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсыӡкцәа амшын-кәыуа рыкаҭа иҭашәеит ашәахьа, цәыббра 26 рзы, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут ахь адыррагьы ҟарҵеит.

Аҵарауаа уахь инеиит иаарласны. Акәуа аура-аҭбаара ршәеит, асахьа ҭырхит, нас ахы иақәиҭыртәит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

"Акәуа арахь иқәнагалазар алшоит Адгьылбжьаратә мшын аҟынтәи Босфор ала", — иҳәеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар, —иҟалоит иара арахь аԥхааразы иаазар, аха аӡынразы иаразы аратәи аӡқәа хьшәашәахоит".

Аҵарауаа ргәаанагарала акәуа амшынӡқәа ирыццоит мрагыларантәи мраҭашәараҟа. Усала иара аԥхьа Ҟрымҟа инанагоит, уахьынтәи Басфорҟа.

© SputnikЧерепаху весом 30 кг поймали у берегов Абхазии гагрские рыбаки
Черепаху весом 30 кг поймали у берегов Абхазии гагрские рыбаки  - Sputnik Аҧсны
Черепаху весом 30 кг поймали у берегов Абхазии гагрские рыбаки

Аԥсыӡкҩы Александр Сорокин иҳәеит акәуа акаҭа шыԥнажәаз, ишалахаз. Ашәарақәа ишьақәдыргылеит акуа ахышәа-ҵышәа:аура — 71 см,аҭбаара — 62 см.

Ажәабжьқәа зегьы
0