АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҟәа ахақәиҭтәра 23-шықәса анахыҵуаз амш аҽны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Рмемориал аҿаԥхьа аҳҭнықалақьуааи асасцәеи ишьҭарҵеит ашәҭшьыҵәрақәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент иааицҳаит аҭыԥ аҟынтәи.
Аԥсны Ахада Аԥсныжәлар ирыдиныҳәалеит абри амш.
"Сара мрагыларатәи афронт аҿы сыҟан. Ҳара ҳзы иреиҳаз аҵакы аманы иҟан Аҟәа ахақәиҭтәра. Уи амш акраамҭа ҳазыԥшын. Ауаа ари амш шырнырыз еиҭаҳәашьак амам", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аибашьра аветеран Жанна Мықәԥҳа Вианор Ашба ибаталион "Горец" аҟны медеҳәшьас дыҟан. Аибашьра иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит Жанна лашьа Радик Мықәба.
Жанна иазгәалҭеит цәыббра 27 лара лзы ишныҳәамшым. "Сара сзы ари амш еиҳарак агәалашәара иамшуп. Сара исгәалашәоит Аҟәа ахы ианақәиҭыртә изакәытә ҭагылазаашьаз иҳамаз – ҳалаӷырӡи ҳаччаԥшьи еилаӡҩон", — лҳәоит лара.
Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациа мҩаԥысуан 11 мшы. Цәыббра 27 1993 шықәса рзы аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.