Ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц аԥҵоуп

© Фото : Даут ЛогуаАуаажәларратә еиҿкаара ҿыц "Аԥсны аветеранцәеи аҿари реидгыла" аӡыргара
Ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц Аԥсны аветеранцәеи аҿари реидгыла аӡыргара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ҿыц "Аԥсны аветеранцәеи аҿари реидгыла" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа.

АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ҿыц "Аԥсны аветеранцәеи аҿари реидгыла" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа, цәыббра 27 рзы, Аҟәа. Ареспубликатә еиҿкаара ҿыц аусура иахырхарҭа хаданы ишьоуп аҿар аус рыдулара, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара ралархәра. Абри атәы иҳәеит аиҿкаара ахантәаҩы Саид Быҭәба.

"Аҿар активла ауаажәларратә ԥсҭазаара ралархәра иахьазы ихымԥадатәиуп. Сара ишызбо ала иарбанызаалак атәыла уаҵәтәи аԥеиԥш ҳәа иԥхьаӡатәу аҿар роуп. Урҭ роуп иара амчра", — иҳәеит Быҭәба.

Саид Быҭәба иажәақәа рыла ауаажәларратә еиҿкаара хықәкны иамоу аграждантә уаажәларра аинститутқәа реиҿкаареи рырӷәӷәареи роуп.

"Ҳара аус рыцааулоит егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аҳәынҭқарратә мчрақәа. Иаҳхқәку азы ҳара атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла ҳҽалаҳархәуеит", — иҳәеит аиҿкаара ахантәаҩы.

Саид Быҭәба иазгәеиҭеит иаарласны ишазыԥхьагәаҭоу аполитикатәи, асоциалтәи, аекономикатәи зҵаарақәа рганахьала еиуеиԥшым ақәгыларақәа, асеминарқәа, аконференциақәа, астол гьыжьқәа. Уаҟа аиҿкаара алахәылацәа ргәаанагарақәа аартны ирҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0