"Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахԥатәи ахәҭа мҩаԥысит Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы

© Sputnik"Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахԥатәи ахәҭа
Ҳара ҳаруаа реиҳабы ахԥатәи ахәҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ("Песни нашей Победы") аԥҵан 2011 шықәса рзы Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәаразы.

АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik, Бадри Есиава. 2011 шықәса рзы Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны иаԥҵаз апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ("Песни нашей Победы") ахԥатәи ахәҭа мҩаԥысит Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа реиҳәеит афильм арежиссиор Емма Хоџьааԥҳаи афильм аҭыхра иалахәыз зегьи имҩаԥыргаз аусуразы.

"Ҳара иахьа иазгәаҳҭоит Аҟәа ахақәиҭтәра амш. Абри амшныҳәа аҽны аибашьра иалиааз ашәақәа ҽа-цәак рхыланы, иҿыцны иуаҳауеит", — иҳәеит иара.

Афильм апремиера амҩаԥгара аламҭалаз амузыкантцәа инарыгӡеит уаанӡатәи ахәҭақәа рҟынтәи ашәақәагьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ҭимур Кацба иазгәеиҭеит:

"Сара афильм ахәҭақәа зегьы срыхәаԥшхьеит. Агәадура сырҭеит. Емма Хоџьааԥҳа илҳәеит апроект хсыркәшеит ҳәа, аха сара сгәыӷуеит ԥхьаҟагьы уи аус дазхьаԥшып ҳәа", — иҳәеит Кацба.

Ахәаԥшыҩцәа руаӡәк, Аркади Киут, иҳәеит афильм аҟны ирҳәоз ашәақәа зегь шидыруа.

"Сара даара агәахәара сырҭеит арҭ ашәақәа ҳаамҭазтәи аранжировка рзуны, иахьатәи аамҭа иақәшәо иахьҳазцәырго", — лҳәеит Мактина Магомедова.

"Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахԥатәи ахәҭа ҭырхуан аибашьра ӷәӷәа ахьцоз аҭыԥқәа рҟны. Аҭыхрақәа хацыркын 2016 шықәса хәажәкырамзазы.

"Ҳара ҳаруаа реиҳабы" — музыкатә фильмуп. Ахархәара аҭоуп аибашьраантәи ахроника. Афильм авторс дамоуп Емма Хоџьааԥҳа, режиссиорс – Ҭимур Қәычбериа.

Ажәабжьқәа зегьы
0