Гагра араион иатәу аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьара иацҵоуп

© Фото : Саида ЖьипҳаГагра араион иатәу аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьара иацҵоуп
Гагра араион иатәу аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион иалҵыз, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьара иацҵоуп.

ГАГРА, цәыббрамза 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Гагра араион иалҵыз аибашьцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иацҵоуп. Ус ҩаԥхьа, Гагра араион акультура аҩнаҟны, 18-ҩык аветеранцәа ираҭәашьан аибашьратә ҳамҭақәа.

Аибашьцәа амедалқәа рнапаҿы ирырҭеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, арратә комиссар Дмитри Ҳагба, абыжьбатәи ахысратә арезервтә бригада акомандаҟаҵаҩ Роман Рабаиа.

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа раҭәашьо, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, доусы иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи ишрылҵшәахаз иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара. Иара убас, еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит цәыббра 30 рзы иазгәаҳҭо Аиааира амш.

Аҳамҭақәа занашьаз аветеранцәа адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит аофициалтә церемониа иаҭааз зегь рҟнытә.

"Егьа аамҭа царгьы, агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Аиааиреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз аҵеицәа зегьы ҳамҭала ишалкаахо. Мышқәак раԥхьа иазгәаҳҭоит ҳмилаҭ ныҳәа хадақәа иреиуоу Аиааира амш. Аԥсуа жәлар иаҳхаҳгаз агәаҟра азхазааит. Еснагь ҳтәыла ссир иахаԥхалааит амра лаша", — иҳәеит адныҳәаларақәа ҟаҵо, Гагра араион Ахадара аиҳабы Геннади Ҵәыџьба.

"Агәымшәаразы" амедалқәа ранашьан Ныгәзар Гогиа, Мирон Џьениа, Алексеи Шамба, Алексеи Ладариа, Даур Ӡаԥшьба, Беслан Адлеиба, Латбеи Анқәаб, Вадим Барганџьиа, Гарик Варданиа, Ларик Гочуа, Леонид Гәбаз, Станислав Дбар, Роман Хынҭәба, Генрих Ҷанба, Зураб Чыргба.

Заабеи Абыџбеи Дмитри Хышбеи арҭ амедалқәа раҭәашьан ианҭаха ашьҭахь. Урҭ рыдыркылеит рҭаацәа.

18-ҩык рахьтә аӡәы, Ахра Кьехьыриԥа ианашьан Леон иорден.

Аибашьра аветеранцәа рыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа рарҳәеит рганахь агәцаракра аазырԥшыз зегьы.

"Ҳара ҳамҭак ҳаундаз ҳәа акәӡам еибашьра ҳашцаз. Усҟан, уи аӡәгьы ихаҿы иааигомызт. Ҳара ҳгәы ззыҳәоз, ҳџьынџьдгьыл аӷа далцаны, ҳхәышҭаарақәа реиқәырхара акәын. Ус иагьыҟалеит. Аԥсуаа зегьы иагымзааит рыԥсадгьыл. Наунагӡа ари иԥшьоу адгьыл ажәҩан лашазааит", — рҳәеит аибашьра аветеранцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0