“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит

© Sputnik / Томас Тхайцук“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит
“Аҧсҭазаара амҩа” алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи “Аҧсҭазаара амҩа” ҳәа хыс измоу автомашьынақәа рколонна аныҟәара иадҳәалоу аусмҩаҧгатә мҩаԥгахоит цәыббра 29-30 рзы. Уи иалагӡаны ақыҭақәа Аԥсны Мрагыларатәи ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Аҭара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда иалсуеит.

Аҟәа, цәыббра 29 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи “Аҧсҭазаара амҩа” ҳәа хыс измоу автомашьынақәа рколонна аныҟәараан, Аӡҩыбжьа ақыҭан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

"Даара исцәыуадаҩуп ацәажәара, агәалашәара. Ҳара ҳқыҭа цәыббра 15-16 рҟынӡа аӷа инапаҟны иҟан. Сгәыӷуеит Аԥсны ахаангьы асеиԥш уаҳа иҟаларым ҳәа", — иҳәоит аибашьра аветеран Алексеи Муцба.

Ишазыԥхьагәаҭоу ала автоколонна Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу абаҟақәа рҟны иааҭгыланы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵалоит.

Ҩымш рыла аколлонна 200 километра иахысуеит, 50 рҟынӡа автомашьына алахәуп. Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала акциа еиҳарак иззырхоу аҿар аибашьра аамҭеи аҭоурыхи радыԥхьалароуп.

Автомашьынақәа рколонна алахәылацәа, Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу аҭыԥаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаҧыргоит. Иара убасгьы уи аҩыза ацеремониа мҩаԥгахоит Ахақәиҭра Ашҭаҿи Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҳаҭгәын аҿи.

Ажәабжьқәа зегьы
0