АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акция "Ԥсра зқәым аполк" мҩаԥган цәыббра 30 рзы Аҟәа. Акциа ианаамҭазҵәҟьа имҩаԥган. Дарбанызаалак игәалашәозароуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, ҳәа лҳәоит акциа аиҿкааҩ, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-инвалидцәа Рассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарԥҳа.
"Ҳара иазҳархиеит 2100 рҟынӡа иҭахаз рфотосахьақәа. Издыруан ауаа рацәа рхы шаладырхәуаз, избанзар ҳакциа аполитика иадҳәалам. Ауаа рацәа рнеира иаанагоит ҳаибашьцәа хашҭра шрықәым. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит зшьала ахақәиҭра ҳзаазгаз", — лҳәеит лара.
Лариса Тарԥҳа иазгәалҭеит акциа амҩаԥгараан агхақәагьы шыҟаз.
Лариса Тарԥҳа лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
"Акциа раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагон. Иҟоуп иҳагхақәазгьы, нас иҳариашаша", — лҳәеит лара.
Ҷыдала иаԥҵаз акомисиа аусура рацәа мҩаԥнагеит. Шәҩыла иҭахаз рҭаацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-инвалидцәа Рассоциациа аҟәшахьы инаргон урҭ рфотосахьақәа.