Ҳаџьымба: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров.
Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба ахаша, жьҭаара 5 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит аминистр ҿыц, Даур Ақаҩба.

АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik, Бадри Есиава. Рауль Ҳаџьымба ахаша, жьҭаара 5 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара аминистр ҿыц, Даур Ақаҩба даныдирдыруаз ицәажәараан иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҭбаареи аҭахуп ҳәа.

"Урыстәыла ҳара ҳазхазҵаз ҳәынҭқарроуп аха уи иаанагаӡом абри ахырхарҭаҟны ԥхьаҟагьы аусура аҭахым ҳәа. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳара усеиԥш аусура цоны иаабомызт", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит зҵаарақәак аартны ишыҟоугьы уаанӡатәи аминистр ихаан акгьы ҟаҵамызт ҳәа шузымҳәо.

"Иааидкыланы Виачеслав Чрыгба иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит иусуразы, Аԥсназы иумҭақәа рзы. Агәра згоит иара ԥхьаҟагьы абри аҳәынҭқарра дахәартә дшыҟало", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы.

Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа атәылақәа рыбжьара ишьақәыргылан 2008 шықәса цәыббра 9 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0