00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
2 мин
Актуальный комментарий
14:33
6 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа азгәарҭеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАрҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа азгәарҭеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны
Арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа азгәарҭеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа жьҭаара 5 рзы иазгәарҭеит Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны.

ГАГРА, жьҭаарамза 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны жьҭаара 5 рзы адунеи аҟны иазгәарҭо арҵаҩы изанааҭ амш азы, ашколхәыҷқәа рымчала еиҿкаан аныҳәатә программа.

Есышықәса арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа азгәрҭоит атәылақәа 100 инареиҳаны. Уи аԥҵан 1994 шықәсазы.

Аида Кәарчелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Кәарҷелиаԥҳа: арҵаҩы зегь раԥхьа иргыланы аҵаҩцәа бзиа ибозар ауп

Ари амш аҽны арҵаҩцәа зегьы ирыдыркылоит адныҳәаларақәа.

Арҵаҩы изанааҭ амш аҽны, Бзыԥҭатәи аԥсуа школ ашҭаҟны имҩаԥысит агәырӷьаратә цәаҳәа. Араҟа, аҳәынҭқарратә гимн арҳәауа ишьҭыхын абираҟ.

Агәырӷьаратә цәаҳәаҟны, ахәыҷқәа ирыԥхьеит арҵаҩцәа ирызкыз ажәеинраалақәа, инагӡан амилаҭтә кәашарақәа. Анаҩс ахәыҷқәа рырҵаҩцәа иранаршьеит ашәҭ шьыҵәрақәа.

Агәырӷьаратә цәаҳәа ашьҭахь, акттә зал аҿы а-2-тәи акласси арҵаҩы Маиа Чыкәбарԥҳаи рымчала имҩаԥган аныҳәатә концерт.

Араҟа еизаз идырбан, заанаҵы иҭыхыз, арҵаҩцәа ирызкыз авидео ҭыхымҭақәа. Уаҟа иаарԥшын арҵаҩцәа аҳәаанырцәтәи ашәаҳәаҩцәа ирызкны иҟарҵоз апародиақәа. Аныҳәа иаҭааз зегьы ирбаз агәахәара рнаҭеит, ргәалаҟазаара шьҭнахит.

Аԥшшәы рацәала ирхиаз асценеи ахәыҷқәа рықәгылареи арҵаҩцәа ргәаҵаҿы аԥхарра рызцәырнагеит.

"Аиашазы, ааигәа абас еиԥш ҳмыччацызт. Иаҳбаз авидеоҭыхымҭақәа даара ҳгәалаҟазаара шьҭырхит", — рҳәеит арҵаҩцәа.

Иара убас аҭагылазаашьа рхы иархәаны, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 арҵаҩцәа, Аԥсны аҵаратә процесс знапы алаку зегьы ирыдырныҳәалеит рзанааҭ амш ныҳәа. Ирзеиӷьаршьеит агәабзиареи ачҳареи.

Аныҳәатә программа аиҿкаара иазааԥсаз ашколхәыҷкәа ракәзар, акырӡа агәахәара рнаҭеит рырҵаҩцәа ахьдырӷәырӷьаз.

"Есышыҽы иаҳзааԥсо, гәык-ԥсыкала бзиа иаҳбо арҵаҩцәа ирыдаҳныҳәалоит рзанааҭ амш ныҳәа. Ирзеиӷьаҳшьоит иахьа ишыҟоу еиԥш еснагь ргәы бзианы, рхарҿы рхаччо ашкол ашҭа иҭалаларц", — адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи ҟарҵеит ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0