Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит
Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахақәиҭтәра аламҭалаз Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит.

ГАГРА, жьҭаарамза 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ахақәиҭтәра аламҭалаз, Гагратәи абжьаратә школ №2 адиректори, арҵаҩцәеи, аҵаҩцәеи араион аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаара" ахаҭарнакцәеи, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа аибашьра аинвалидцәа Аиааирамш рыдырныҳәаларц ирҭааит.

Гагратәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа еиҿыркааит аныҳәатә программа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны дара ирыԥхьеит апатриоттә жәеинраалақәа, еиҭарҳәеит рышкол аушьҭымҭацәа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа реибашьратә мҩа, инарыгӡеит ашәақәа.

Арҵаҩратә еилазаара рыхьӡала, ашкол адиректор Изабелла Ажьиԥҳа аибашьра аинвалидцәа ирыдылныҳәалеит аԥсуа жәлар иазгәарҭо аныҳәатә мшқәа.

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Аиааирамши Гагра араион ахақәиҭтәреи. Ҳара ҳашкол аҟны 800-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Сара агәра шәсыргоит, дара зегьы иаарц шырҭахыз, аха уи аҩыза алшара араҟа иҟам. Ахәыҷқәа рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аиааиреи Ахақәиҭреи рзы. Агәабзиареи ашықәс рацәеи шәымазааит", — лҳәеит ашкол адиректор.

Иара убас, аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаара" ахаҭарнакцәагьы аибашьра аинвалидцәа рганахь азеиӷьашьарақәа ҟарҵеит.

"Ҳара абиԥара ҿыц, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыхьӡ ҳшьоит. Дара рфырхаҵареи ргәымшәареи ҳара ҳзы иҿырԥшыганы иҟоуп. Иҭабуп ҳҭынч ԥсҭазааразы", — иҳәеит, аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаара" ахантәаҩы Ҭимыр Ҭаниа.

Аибашьра аветеранцәа ргәалаҟазаара шьҭырхит ахореографиатә ансамбль "Нарҭи", ашәаҳәаҩцәа Беслан Сымсыми, Наур Занҭариеи, Гәдиса Смыри рҟазара.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит
Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит

Аинвалидцәа рыхәҭакахьала, ирызнеиз асасцәа ирзеиҿыркааз аныҳәатә программазы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0