Шьамтәыла аганахьала Америкеи Урыстәылеи реинырра аанкылоуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМариа Захарова
Мариа Захарова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Джон Кирби аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла аганахьала Америкеи Урыстәылеи реинырра аԥыхуп ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова далацәажәеит Шьамтәылан Америкеи Урыстәылеи рыруаа еиҿанагалар алшоит ҳәа Кирби ииҳәаз аҭакс атәылақәа рыбжьара аус шауа аимакқәа раԥыхразы атәылақәа рыҩба рыбжьара аиқәшаҳаҭра.

"Сара сгәы иаанагоит ара акомпонентқәа рацәаны еилоуп ҳәа", — лҳәеит лара аканал "Россия 1" аефир аҟны илырҭаз азҵаара, иаҳҳәап ЕАШ (США) шьамтәылатәи ар абомбақәа рыларыжьуазар, урыстәылатәи аган ажәҩан рсистема С-300 ала ихнаҩар ишԥеилгари ҳәа аҭакс.

Аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Джон Кирби аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла аганахьала Америкеи Урыстәылеи реинырра ушьҭарнахыс изалшом ҳәа.

"Аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ҳаинырра ацәхьаҵра иаанагоит Шьамтәылан аимак аҭыԥ ақәҵара акыр инахахаоит ҳәа, уи адагьы атерроризм Европа аума дара Аштатқәа роума ирхаԥоит ҳәа", ҳәа азгәалҭеит лара.

Лара иазгәалҭеит уаанӡа вашингтонаа иарбанызаалак аиныррақәа аԥаҳхуеит шырҳәоз.

"Нас, ҩымшҟа ааҵхьаны аполитикатә ҭышәныртәалара мап ацәаҳкуам рҳәо иалагеит. Аҽа мышкы ашьҭахь ирҳәо иалагеит аиныррақәа аԥыхым, иаанкылоуп ҳәа", азгәалҭеит Миронова.

Уаанӡа, ашәахьа, аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Джон Кирби аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла аганахьала Америкеи Урыстәылеи реинырра аԥыхуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0