Sputnik Естониа ажәа ахақәиҭра ахьчоит

© SputnikSputnik Естониа ажәа ахақәиҭра ахьчоит
Sputnik Естониа ажәа ахақәиҭра ахьчоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Естониа изныкымкәа ианиахьеит ажурналистцәа рганахьала адискриминациатә ҟазшьа змоу ахымҩаԥгашьа.

АҞӘА, жьҭаара 7 — Sputnik апресс-маҵзура. Sputnik Естониа ажурналистцәа рзинқәа рыхьчаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь аофициалтә зыҳәа ҟанаҵеит мышқәак раԥхьа Sputnik аккредитациа азымҭаз Естониа Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура ахымҩаԥгашьа ахҳәаа азырурц азы.

Естониа Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура Украинеи Естониеи ртәылахьчара аминистрцәа злахәны имҩаԥыргоз апресс-конференциахь Sputnik аккредитациа аҭара мап ацәыркит "путинтә режим аланарҵәоит" ҳәа ахара аҭаны.

Sputnik Естониа анапхгаҩы Елены Черышева лнапы зҵаҩу аофициалтә зыҳәа нашьҭхоит жәларбжьаратәи аиҿкаара "Репортеры без границ" (Reporters Without Borders), ОБСЕ Ахаҭарнакра (OSCE Representative on Freedom of the Media), ИУНЕСКО апресса ахьчаразы аҟәша (UNESCO Communication and Information Sector) ажурналистцәа европатәии жәларбжьаратәии Рфедерациа (European Federation of Journalists, International Federation of Journalists) рахь.

Sputnik Естониа анапхгаҩы Елена Черышева иазгәалҭеит:

"Аккредитациаз мап ахьаҳцәыркыз ажәа ахақәиҭра иашьаҽраны ҳахәаԥшуеит" ҳәа.

Жьҭаара 6 рзы Естониа Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура Украина Атәылахьчара аминистр Степан Полтораки Естониа атәылахьчара аминистр Ханнес Хансои егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи злахәны имҩаԥыргоз апресс-конференциахь Sputnik аккредитациа аҭара мап ацәыркит "путинтә режим аланарҵәоит" ҳәа ахара аҭаны.

Sputnik Естониа изныкымкәа асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ирыниахьеит. Ус шакәугьы Естониа 180 тәыла рыгәҭаны 14-тәи аҭыԥ ааннакылоит АИХ (СМИ) ахақәиҭразы.

Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит. Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузивтә интервиуқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0