Атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп Даур Аршба

© Sputnik Томас ТхайцукАтәыла ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп Даур Аршба
Атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп Даур Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабыс иҟаз Беслан Барцыц диԥсахит Даур Аршба.

АҞӘА, жьҭааар 10 – Sputnik. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 10 2016 шықәса рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Даур Аршба атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабыс иҟаҵаразы, абри атәы ануп ахада иофициалтә саит аҿы.

Рауль Ҳаџьымба аколлектив дыдирдырит Аусбарҭа ахада ҿыц. Дагьақәгәыӷуеит атәыла ахада Иусбарҭа аусура алыҵшәа бзиақәа шаиуа.

"Уаанӡатәи ахада Иусбарҭа аиҳабацәа имҩаԥыргоз аусурақәа маншәалан, аха иҟаҵатәу даара ирацәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аусбарҭа ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба дҵас ииҭеит аилазаараҿы зегьы еиҿикаарц.

Абҵара 2014 шықәса инаркны Даур Аршба Аԥсны жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.

Даур Џьумка-иԥа Аршба диит хәажәкыра 28 1962 шықәса рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы.

1979-1984 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә-иуристтә факультет аҿы. Аԥсны жәлар рмилаҭтә қәԥара далахәын, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Ҭҟәарчалтәи аполк аҿы дкомиссарын.

2003-2004 шықәсқәа рзы Ҭҟәарчал араион администрациа ахадас дыҟан. 2007-2012 шықәсқәа рзы Жәлар Реизара – Апарламент депутатс дыҟан.

2013 шықәса инаркны Жәлар Реизара – Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутат.

Ажәабжьқәа зегьы
0