00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Жәлар реизарахь аиҭалхрақәа рымҩаԥгара
18:23
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Итоги проекта восстановления мемориалов героев ВОВ и ОВНА
18:49
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Депелиан: аспектакль афырхаҵа дҵоурам аха ҳаинаалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДРАМ актиор Рубен Депелиан.
РУСДРАМ актиор Рубен Депелиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Театральный Олимп" аҟны рықәгылареи, Шекспир ахааназ дшымажәуеи, аспектакль "Рождество в доме Купьелло" амаӡақәеи ҳкорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа илзеиҭеиҳәеит РУСДРАМ актиор Рубен Депелиан.

Аурыс драматә театр қәҿиарала иқәгылеит Шәача, Аӡынтәи атеатр асценаҟны. Аспектакль "Тартюф" ала иаартын VI афестиваль "Театральный Олимп". Урҭ агострольқәа РУСДРАМ актиорцәа рзы иззыԥшымыз акакәхеит.

Аԥсуа артистцәа гәахәарыла ирыдыркылеит шәачатәи ахәаԥшыҩцәа. Тартиуф ироль ахәмарра истуденттә аамҭақәа раасҭа игәаҳәараны иман Рубен Депелиан.

"Афырхаҵа дҵоурам аха иареи сареи ҳаимабзиоуп. Сара уи акыр дысгәаԥхоит. Сгәыӷуеит иара иҟазшьа ҷыдақәа сара сахь ииасрым ҳәа" — длафуеит актиор.

Депилиан иазгәеиҭоит актиор ифырхаҵа хымԥаданы бзиа дибозар шакәу. Ароль уаныхәмаруа иуҭахны ухәмаруазароуп, угәы аццозароуп.

Рубен Депелиан иахьазы иаалхны рольк сыхәмарындаз ҳәа аагәазыҳәара имам.

"Иаҳҳәап Гамлет ироль сыхәмарындаз сҳәом. Ибзианы издыруеит уи ароль адагьы уҽахьаауртыша арольқәа рацәаны ишыҟоу", — иҳәоит иара. Ҳәарада Шекспир ифырхацәа рыхәмарра ахаангьы угәы ахшәаӡом. Шекспир уирааԥсаӡом ҳәа дхәыцуеит Рубен.

Рубен Депелиан иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Жьҭаара 19, 20 и 21 рзтәи аспектакльқәа "Рождество в доме Купьелло" ахәаԥшцәа акыр иаргәырӷьап ҳәа агәыӷра имоуп актиор.

"Аспектакль ҳара актиорцәа ҳазгьы акыр иҿыцуп. Ҳара уаанӡа асеиԥш ҳмыхәмарцызт. Аиҳарак иаҳахәмаруаз комедиан, ариариитрагикомедиоуп. Ахәаԥшыҩгьы ҿыцрак ҳадибалап", — иҳәоит Рубен Депелиан.

Ажәабжьқәа зегьы
0