Аҟәатәи аконструктивизм

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото дома творчества "Айнар"
Архивное фото дома творчества Айнар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь архитектуратә хыбрақәа, аконструктивизм астиль иатәу, рҭоурыхқәа шәрыԥхьар алшоит Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны.

Аҟәатәи архитектуратә стиль рацәала еилаԥсоуп, ахырхарҭа рацәа амоуп. Ҳара уаанӡа аиҳарак ҳалацәажәон амодерн астиль.

Ари астатиаҟны ҳара ҳрылацәажәоит аконструктивизм астиль ала иргылоу ахыбрақәа.

Архитектураҟны аконструктивизм стилистикатә хырхарҭак аҳасабала ицәырҵит ХХ ашәышықәса 20-30-тәи ашықәсқәа рзы СССР. Ари Октиабртәи ареволиуциа иаанагаз авангард хырхарҭа ҿыцын. Аконструктивизм аҳәаақәа ирҭагӡаны хра змоу ахыбрақәа ракәын идыргылоз. Урҭ арационалра рыланы иҟан, убри азын аргылара азырхара хада иалыхәдаан, аԥшӡарақәеи арԥшӡагақәеи зынӡагьы рхы иадырхәомызт.

Акәакь иашақәа зманы идыргылоз ахыбрақәа иугәаладыршәон аконструкциақәа. Усҟантәи аамҭа иақәшәо Аҟәагьы аконструктивизм иаҵанакуаз ахыбрақәа цәырҵит. Иаҳҳәап Аԥсны Амилаҭтә банк ахыбра.

© Фото из архива Анзора АгумааГосбанк, 1935 год
Госбанк, 1935 год - Sputnik Аҧсны
Госбанк, 1935 год

1935 шықәсазы идыргылеит абри ахыбра. Иахьатәи амҩақәа: Леон имҩеи Лакоба имҩеи усҟан хьыӡқәаны ирыман: Октиабртәи ареволиуциа амҩеи Март 4 амҩеи ҳәа. Ақалақь аамҭа ҿыцаз ицәырҵыр акәын аҿыц аамҭа иақәшәоз ахыбрагьы, аиҳаракгьы абасеиԥш ахьӡ змаз амҩақәа реихдарҭаҟны.

Аргылараз аԥаразоужьра мҩаԥнагеит Афинансқәа рминистрра. Архитектор ихьӡ ҳа ҳҟынӡа имааӡеит, аха ахыбра аиҿкаашьа ҿырԥшы хаҭоуп архитектуратә конструктивизм азы. ХХ ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы араҟа аусура хнартит Аԥсны аҳәынҭқарратә банк, уажәы – Аԥсны Амилаҭтә банк.

Аҽа ҿырԥштәыкгьы: 1928 шықәса рзы Атеатртә мҩадуи Баратиантәи амҩадуи ркәакь аҟны адгьыл ааихәеит аҭуџьар Езекиль Лазар-иԥа Фишков. Езекиль Фишков занааҭла дҳақьымын, аха аҟазара даара бзиа ибон, аиҳаракгьы асахьаҭыхра. Ахәышәтәырҭаҟны иусура иахаршәаланы иҩнаҭаҿы еизигон асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Ҩбаны еихагылаз иҩны уи азы иршазшәа иҟан. Аамҭақәак рышьҭахь, иуасиаҭшәҟәала аҩнгьы акартинақәагьы аҳәынҭқаррахь ииасит.

© Фото : из архива Анзора АгумааУлица Ленина 1952 года
Улица Ленина 1952 года - Sputnik Аҧсны
Улица Ленина 1952 года

Езекиль Лазар-иԥа иколлекциагьы ҳаамҭазтәи Акартинатә галереиа афонд иашьагәыҭны иҟалеит. Иахьа, Фишков иҩнаҿы ахәыҷтәы ҟазара "Аинар" аус ауеит.

Абри ахыбрагьы Амилаҭтә банк ахыбреиԥш архитектуратә баҟоуп, Аҟәатәи аконструктивизм иаҿырԥшыгоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0