Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура ишааныцҳауа ала урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автомашьына иашьклахысит Абӷархықә ақыҭа иахьаҵанакуа, жьҭаара фба рзы.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автомашьына иашьклахысит Абӷархықә ақыҭа иахьаҵанакуа, жьҭаара фба рзы. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Жьҭаара 6 рзы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан макьаназ ишьақәыргылам, асабарда зҿаз ауаа иаԥшьыргеит автомашьына "Рено Логан" ааныркыларц.

"Амашьына ақыҭамҩала ицон. Уа иақәтәан Краснодартәи атәылаҿацә еиуоу хаҵеи ԥҳәыси. Ақәылаҩцәа абџьар рхы иархәаны автомашьына ааныркыларц иақәыркит, аха амашьына аԥсҟы зкыз дықәҵәины ддәықәлеит. Убри ашьҭахь амашьына иақәкны ихысны ацәгьоуцәа рҽырҵәахит", ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҟны.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра амилициа адырра рырҭеит. Аԥҳәыс ахымҩас лӡывасит. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны уи ацхыраара лыҭан. Абри ахҭыс аганахьала ашьус хацыркуп ацәгьоуцәа раанкылара аҽазышәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0