Ачба: асасааирҭа "Абхазиа" алахьынҵа иаарласны иӡбахоит

© Sputnik, Бадрак Авидзба Николай Ачба
Николай Ачба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Ачба имҩаԥигеит апресс-конференциа.

АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьазы Аԥсны 140 рҟынӡа ареспубликатә хатәтәра аобиектқәа ҭииуп, иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Ачба имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.

"Аиҳарак – адәқьанқәеи, ихыбгалоу ахыбрақәеи роуп. Ирацәоуп еиҭашьақәыргылам аобиектқәа. Иҭиу рҟынтәи 70 % еиҭашьақәыргылоуп", — иҳәеит иара. Ачба иазгәеиҭеит аобиектқәа арендла изгази ахатәтәра азызузи еиҭашьақәыдмыргылазар, аилаӡарақәа еиҭарыхәаԥштәхоит ҳәа. "Аԥхьа аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит. Аҽазныкгьы иаҳҳәоит игоу аобиектқәа шгәыгәҭажьтәым. Насгьы рнапы зҵаҩу аилаӡара аҭагылазаашьақәа зегьы шынагӡалатәу", — иҳәеит иара.

Николай Ачба иазгәеиҭеит асасааирҭа "Абхазия" зхатәуи аусҳәарҭеи рыбжьара аилаӡара аанкыларазы аиҿцәажәарақәа шцо.

"Ҳара иаҳҳәеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагамхар, аилаӡара аусура шаанаҳкыло", ҳәа азгәеиҭеит Ачба.

Ажәабжьқәа зегьы
0