Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Аԥсны Апрокурор хада Нури Ҭаниа

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрокуратура Хада
Апрокуратура Хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Аԥсны Апрокурор хада Нури Ҭаниа. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба диԥылеит Аԥсны Апрокурор хада Нури Ҭаниа. Нури Ҭаниа иазгәеиҭеит ишахәҭоу ацәгьоуцәа аамҭала раанкыларҭаҿ ахылаԥшра азызуа, Апрокурор хада ицхырааҩ еиҳабы ҳәа аштаттә ак аҟаззаара.

"Иҟалалоит аҭагылазаашьақәа массала ацәгьоуцәа аныбнало. Лассы-лассгьы иҟалалоит. Убри азы хымԥада уа, аҩныҵҟа дыҟазароуп ауаҩы аҭагылазаашьақәа рҭышәныртәалара зылшо, знапы иану", — иҳәеит Ҭаниа.

Иара убасгьы атәыла Ахада иеиҳәеит гәҭакны ишимоу ашьаус-ӡбаратә усбарҭа аартра.

"Ирҭбаау аштатқәа, хра змамкәаны иҟоу лҵшәа ҳарҭаӡом", — иҳәеит Ҭаниа.

Ажәлар ирылақәаз ацәгьоурақәа рганахь акәзар Апрокурор хада иазгәеиҭеит урҭ хылаԥшра шырзыруа, иаарласынгьы аӡбарҭахь ишкылгахо. Ижәытәу, ишьақәырӷәӷәам ашьаусқәа ракәзар еиҭарҿыцны аӡбарҭахь ишьҭхоит, иҳәеит иара.

"Ҳара уажәы нап рылаҳкит ижәытәу, аха ауаажәлар рҟны ахцәажәара рацәа зырҵысыз ашьаусқәа реиҭахацыркра. Арахь иаҵанакуеит аҵыхәтәанӡа инагӡамыз Маланӡиа иусгьы. Сара дҵаны иҟасҵеит ахара зду ахьырхәтәуп ҳәа. Иҟоуп ауаа рӷьычрақәагьы. Урҭ аусқәагьы аарԥштәуп", — иҳәеит Апрокурор хада.

Атәыла Ахадеи Апрокурор хадеи реиԥылараан иалацәажәан ааигәа абахҭаҟны аҭыԥ змаз хҩык ацәгьоуцәа рыбналара. Ҭаниа иазгәеиҭеит абри аус аганахьала жәҩык абахҭа аусзуҩцәа аанкылоуп ҳәа.

2016 шықәса жьҭаара 1 азы Драндатәи абахҭаҟынтәи ибналеит хҩык ацәгьоуцәа, абахҭахьчаҩцәа аҩналарҭатә пункт иахьахыламԥшуаз иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0