Гәажәба: абыргцәа ирҳәон Баграт ибаа ахьыҟаз ацҳагьы ыҟан ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба
Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ирацәоуп еицырдыруа, аха ишцәырҵыз еилкаам атопонимқәа. Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ҳкорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа аинтервиу лыҭо еиҭеиҳәеит топонимқәак рҭоурыхқәа.

Баграт ишьха аԥсышәала иҭоурых хьӡны иамаз Атәыла абаа акәын. Урысшәала ишиашоу еиҭоугозар "крепость страны" ауп иаҳәо. Асеиԥш ахьӡ аиҳарак иахьарҭо астратегиатә ҟазшьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟноуп.

"Ари аҭыԥ иаҵысноуп Абжьаҟәатәи аиҩхаа шцо. Араҟа ахәаахәҭратә баӷәаза ыҟан. Шәарҭарак ҟалар ауаа аиҩхаа иҭаланы ҩадаҟа ицон. Уаҟа аибашьрагьы еиҳа имариан, ахыхьчарагьы мариан", — иҳәоит аҵарауаҩ.

Аурыс еинрал Васили Осип-иԥа Бебутов имемуарқәа рҟны еиҭеиҳәоит абри аҭыԥ иахҳәаау аԥсуа быргцәа ражәабыжьқәа. Урҭ ргәалашәарақәа шьақәырӷәӷәоуп ҭоурых ҵаҵӷәыла, ҳәа азгәеиҭоит Руслан Гәажәба.

"Абыргцәа ирҳәон Баграт ибаа ахьыҟаз ацҳагьы ыҟан ҳәа. Араҟа уажәраанӡагьы хәы змоу аметаллқәа ирылху амаҭәарқәа рыԥшаауеит. Ақалақь ауааԥсыра рсаан-раҵәцақәаҵәҟьа хьӡыркын. Ихьлыхын", — иҳәоит аҵарауаҩ.

Ашыцә Сераиа Баба ахьӡ ахылеит аполиак сахьаҭыхыҩԥҳәыс лҟынтә. 1920-тәи ашықәсқәа рзы лара абри аҭыԥ ԥшӡарраҟны анхара далагеит. Араҟа ирацәоуп аҳаԥ маҷқәа, араҟоуп иахьгылоу Аԥсуа ҳәынҭқарра аамҭақәа ирыҵаркуа абаа, IX-X ашәышықәсақәа рзы идыргылаз.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аԥсышәала аҭыԥ ахьӡ Аилага абыҟә ҳәа иашьҭан ("ложная вышка").

Аҟәеи Афон ҿыци ирыбжьаркуа амҩа лакьҭа Анхәа лыбз (Тещин язык) ҳәа иашьҭоуп. Аҵарауаҩ ишазгәеиҭо ала ари ахьӡ 1950-тәи ашықәсқәа рзоуп ианцәырҵ.

Ажәабжьқәа зегьы
0